Гал араион аҿы арасашьаҭақәа авиациа ахархәарала ирхәышәтәуеит

© Sputnik / Томас Тхайцукараса
араса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арасашьаҭақәа рыхәышәтәразы Гал араион 350 000 мааҭ азоунажьит, ареспубликатә биуџьет – ф-миллионк рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Spuntik. Гал араион аҿы арасашьаҭақәа авиациа ахархәарала ирхәышәтәуеит ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Ҭеимур Надараиа.

Ахәышәтәрақәа мҩаԥыргоит ԥшь-нызқь гектар иахьаҵанакуа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра ацхырааралеи Гал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа ацхырааралеи.

Эшсоу Гургулия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәыргәлиа: араса ашьаҭақәа ирыцҳамшьаӡакәа еилыхлатәуп

"Ауааԥсыра рзы араса ахәыәшәтра хәыда-ԥсадоуп. Ахарџьқәа зегьы аҳәынҭқарра ахахьы иагеит", - иҳәоит араион ахада.

Уаанӡатәи ашықәсқәа ирҿырԥшны амармалташь пты ахыԥхьаӡара еиҳа еиҵаны иҟоуп.

"60-70% аҽаҩра ҳацп ҳәа ҳаԥшуп. 2017 – 2018 шықәсқәа рзы акыр аԥхасҭа ҳауит. Араса, ари араион аҿы еиҳа ауаа зықәгәыӷуа культуроуп", - иҳәоит Надараиа.

Арасашьаҭа ахәышәтәразы ахархәара арҭоит аверталиот.

"Араса аиҳарак Гал араион аҵаҟатәи азона ҳәа изышьҭо аҭыԥқәа рҿоуп иахьырааӡо. Уа ашьхааӡара аӡәгьы инапалакым. Убри азы шәараҭара ҟамҵакәа авиациа ахарахәара ауеит", - иҳәоит иара.

Ҩымш раԥхьа излагаз ауснагӡатә иалыршаны 1500 гектар ахәыәшәтра иахрыжьхьеит.

"Ари амчыбжь иҭагӡаны ҳазҿу ҳалгоит. Аҵакы амоуп амш аҳауатә ҭагылазаашьа", - иҳәеит ахада.

Гал араион аҿы арасашьаҭақәа авиациа ахархәарала ирхәышәтәуеит, арасашьаҭақәа рыхәышәтәразы Гал араион 350 000 мааҭ азоунажьит, ареспубликатә биуџьет – ф-миллионк рҟынӡа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0