Ақырҭуа-аԥсуа ҳәаа ахысраан аԥкрақәа ҟалоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Грузино-абхазская граница
Грузино-абхазская граница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 27 инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәынҭқарратә ҳәаа аамҭала ахысразы аԥкрақәа аланагалеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Ақырҭуа-аԥсуа ҳәаа ахысраан аԥкрақәа ирыҵаркуеит 18 шықәса инаркны 60 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахацәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал араион ахада Ҭеимыр Надараиа.

Егьырҭ ауааԥсыра зегьы ирылшоит уаанӡеиԥш ԥкрада аҳәаа ахысра. Надараиа иҳәеит иара убасгьы аԥкрақәа ишрыҵарымкуа амедицинатә цхырааразы Қырҭтәылаҟа ицо ауааԥсыра.

Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Галаа аҳәаа аартреи анхаразы азин аҟаҵареи ирылацәажәеит

"Ақырҭуа-аԥсуа ҳәаа ахысраан аԥкрақәа ирыҵаркуеит 18 шықәса инаркны 60 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахацәа роуп", - иҳәеит иара.

Надараиа иажәақәа рыла аԥкрақәа аконтрабанда иаразнакы анырра арҭеит. 80 рҟынӡа ҭирҭа ҭыԥ галтәи аџьармыкьаҿы иаркхеит абарҭ аамҭақәа рыла.

Рашәара 27 инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәынҭқарратә ҳәаа аамҭала ахысразы аԥкрақәа аланагалеит Қарҭи Аԥсны иаԥну Жәыргьыҭ араиони рҿы аҿагыларатә акциақәа рымҩаԥысра инадҳәаланы.

Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура иара убасгьы адырра ҟанаҵеит Қырҭтәыла аҵакыраҟынтәи аҳәаанырцәтәылауаа Аԥсныҟа рааиреи Аԥсны атәылацаа Қырҭтәыла аҵакырахь рцареи аԥкрақәа шроуазы.

Надараиа иазгәеиҭеит араион аҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы ишыҟоу. Ауааԥсыра иаԥҵоу аԥкрақәа ззаԥҵоу шеилыркаауа, гәҭынчымракгьы шрызцәырнамго.

"Гал араион аҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы иҟоуп. Ауааԥсыра иаԥҵоу аԥкрақәа ззаԥҵоу еилыркаауеит. Иҟоуп ҳәарада Қарҭ имҩаԥысуа ахҭысқәа адгылара рызҭогьы. Аиҳаракгьы абас иҟоу ауаа еиуеиԥшым ахҭысқәа ирыларымгалаларц ауп арҭ аԥкрақәагьы заԥҵоу", - иҳәеит ахада.

Иара убасгьы иҳәеит аԥкрақәа шаԥыххо Қырҭтәыла аполитикатә ҭагылазаашьа анҭышәынтәалалак.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0