Мыркәылатәи ажәытә нхарҭа ҭыԥқәа ҭырҵаауеит Аԥсныи Урыстәылеи рархеологцәа

© Fotolia / Sebastian CorneanuАрхеологи за работой
Археологи за работой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 2 рзы Мыркәылатәи ажәытә нхарҭа ҭыԥқәа рышьҭамҭақәа ҭырҵаауа иалагеит Аԥсныи Урыстәылеи рархеологцәа. Аусурақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 рҟынӡа.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Нанҳәа 2 рзы Очамчыра араион аҟны Мыркәылатәи ажәытә нхарҭа ҭыԥқәа рышьҭамҭақәа ҭырҵаауа иалагеит Аԥсныи Урыстәылеи рархеологцәа ҳәа лҳәеит РАН археологиа Аинститут аклассикатә археологиа аҟәша аиҳабы, аҭоурых наукақәа ркандидат Галина Требелева.

Археолог лажәақәа рыла ари аҭыԥ антикатә аамҭа иаҵанакуеит, аиднакылоит абжьарашәышықәсагьы. Ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәса инаркны XV ҳера ашәышықәсанӡа ара инхон аԥсуа милаҭ.

"Ари иуникалтәу жәытә нхарҭа ҭыԥуп. Уаанӡатәи иара аҭҵаарақәа иаадырԥшит ара ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсазгьы ауаа шынхоз. Убри аан иҳәатәуп аԥсуа милаҭ шракәыз инхоз, ари мшынеиқәатә калониам, абырзен ма аурым колониақәагьы ирыҵаркуам. Аԥсны уаанӡа асеиԥш иҟоу ажәытә нхарҭа ҭыԥқәа ҭаҳамҵаацызт", - еиҭалҳәоит Требелева.

Археологцәа уаанӡа иҭырҵаауан V ашәышықәса иаҵанакуа абааши ахыхьчаратә ҟәарчи. Уажәы аҩбатәи аҟәарч ҭырҵаауеит. Иаанханы иҟоуп аҭыӡқәа хԥа. Аҵарауаа ирҭахуп иҭырҵаарц аԥшьбатәи аҭӡы ыҟазу иҟамзу, насгьы иарбан материалу излыхыз.

аҵарауаҩ Сурам Сақаниа. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Сақаниа Мыркәыла ажрақәа ирызкны: ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа анхарҭа аарԥшын

"Аҟәарчқәа руак ҭаҳҵаахьеит. Иуҳәар ауеит антикахьшәатәи аамҭа иатәуп ҳәа, изманзар римтәи атехникала иргылоуп. Уажәы иҭаҳҵаараны иҟоу аҟәарч актәи аасҭа еиҳа ибааԥсны еиқәхеит. Иаҳҭахуп иҭаҳҵаарц аԥшьбатәи аҭӡы ыҟазу иҟамзу, насгьы иарбан материалу излыхыз", - лҳәоит археолог.

Нанҳәа 2 рзы Мыркәылатәи ажәытә нхарҭа ҭыԥқәа рышьҭамҭақәа ҭырҵаауа иалагеит Аԥсныи Урыстәылеи рархеологцәа. Аусурақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 рҟынӡа.

Мыркәылатәи ажәытәеиланхарҭа рыԥшааит 2015 шықәса рзы Очамчыра араион аҿы археологиатә усурақәа анымҩаԥысуаз аамҭазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0