Аԥсны аамҭала анхара азин ҟазҵо аршаҳаҭга ахәԥса шьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аамҭала анхара азин ҟазҵо аршаҳаҭга ахәԥса шьақәыргылоуп
Аԥсны аамҭала анхара азин ҟазҵо аршаҳаҭга ахәԥса шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 6 рзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿ Аԥсны аамҭала анхара азин ҟазҵо аршаҳаҭга ахәԥса шьақәдырӷәӷәеит.

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik, Бадри Есиава. Аминистрцәа реилазаараҿ Аԥсны аамҭала анхара азин ҟазҵо аршаҳаҭга ҩышә мааҭ ҳәа ахәԥса шьақәдырӷәӷәеит.

Ақәҵара адгалара аиуит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба, иара иазгәеиҭеит аӡбра шхымԥадатәиу Аԥсны апаспорттә усбарҭақәа русуразы.

Аԥсны аамҭала анхареи аусуреи рзин аиура аԥҟара ҳәаақәнаҵоит "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә статус азы" азакәан. Азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ аамҭала анхаразы азин инаҭоит Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура. Азакәан иазыԥхьагәанаҭоит 14 категориа.

Аамҭала анхаразы азин иоурц аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ анаркотикатә маҭәашьарқәа шидимкыло, аҿкытә чымазарақәа шимыхьуа, ВИЧ ицәа ишалам рзы ашәҟәы имазароуп.

Азакәан иазыԥхьагәанаҭоит аамҭала анхара азин ҟазымҵо амапкрақәа: Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи асуверинитети рҿагылара, Аԥсны Аҳәынҭқарра даҿагыланы 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан аибашьра ахалархәра, аоккупациатә режим адгылара, атеррористтә актқәа ԥаразоужьрак аҳасаб ала ацхыраара рыҭара.

Аршаҳаҭга атипографиаҿы иҭрыжьуеит, ақьаад хьчоуп, ареспублика агерб асахьа ануп, аԥаршеихк аҟамҵаразы пголографиатә хьчара амоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0