00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Дополнительное время
14:46
14 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
31 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны азинӡбара" аатит Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы. Уи ҩымш имҩаԥыслоит. Лаҵарамза 13 рзы иазгәарҭо ареспублика азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа аԥҵоижьҭеи 103 шықәса аҵра иазкуп. Аконференциа аусура рхы аладырхәуеит аҭҵаарадыррақәа рдокторцәеи ркандидатцәеи, аӡбаҩцәа, аҳәынҭусбарҭақәа, азинхьчаратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, арҵаҩцәа, аҵарауаа, Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи апрактикаҿы аус зуа аҟазацәа.Иазгәаҭоуп атематикатә секциақәа хәбеи астол гьежьи. Урҭ рызкуп аӡбаратә мчра аҿиара, ареспублика азинтә система, ашьауӷатә ӡбареиҿкаара ауадаҩрақәа, ауаҩы изинқәа рыхьчара, аиашаӡбара ацифраркра.
Аԥсны аӡбаратә усбарҭа аҳәынҭқарра иузаҟәымҭхо хәҭоуп ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба иҟаиҵаз адныҳәалараҿы. Уи Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы имҩаԥысуаз аконференциа аартраан даԥхьеит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба. "Аконференциа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аиашаӡбара асистема аҿиара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рзы здаҟам ҭыԥуп. Уи иара убасгьы аҭҵаарадырратә еилазаареи азинхархәаҩцәеи реинырра арӷәӷәара иацхраауеит, жәаҳәарада уа ирыдыркыло аӡбаратә актқәа рхаҭабзиара аизырҳара иацхраауеит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
2025 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҵакы змоу ахыбрақәа рыргылара иазырхан х-миллиард мааҭ инареиҳаны. Зынӡа аԥара рзоужьын 318 усмҩаԥгатә, урҭ рҟынтәи 41 — Аинвестпрограмма инақәыршәаны. Урҭ азырхан амҩақәа рҭагылазаашьа аиӷьтәра, ӡыла аиқәыршәара, аенергетика, агәабзиарахьчара ҳәа арбоуп Аминистрцәа реилазаара адыррақәа. Зегь раасҭа аусурақәа аԥара рзоужьуп Аҟәа — азеиԥш рбагақәа рҟынтәи 31%.
Иахьа Аҟәа дыргәаладыршәеит Баграт Шьынқәба. Жәлар рпоет ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, аиҳабыра алахәылацәа, аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи интеллигенциа рхаҭарнакцәа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Аиапон бызшәахьы еиҭаргаз Мураҭ Иаган идоуҳатә нысымҩа ӡырыргеит Токиатәи ауниверситет аҿы. Ашәҟәы "Каф ашьха нырцәынтәи сааит" еиҭеигеит Едзи Сибата. Уи ҭрыжьит 4 000 екземплиар иҟоу атираж ала. Аӡыргараҿы иқәгылеит Иаган иҵаҩцәа Даиани Уеини Вилсонаа. Урҭ астудентцәеи арҵаҩцәеи ирзеиҭарҳәеит афилософ иԥсҭазааратә мҩеи идоуҳатә ҭынхеи ртәы.
Ажәабжьқәа зегьы
0