Гагра агәашьа ҿыц аргылара иаарласны ихырқәшахоит

© Foto / Саида ЖибаГагра агәашьа ҿыц аргылара иаарласны ихырқәшахоит
Гагра агәашьа ҿыц аргылара иаарласны ихырқәшахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәашьа арбахоит "Уахынлатәи Гагра" захьӡу аекскурсиатә хырхарҭа.

ГАГРА, нанҳәа 9- Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион анапхгареи аҭыԥантәи адепутатцәеи раԥшьгарала, атәыла Ахадара ацхыраарала, Гагра ақалақь амшын аԥшаҳәаҟны, "Аиааира" ашҭа иацәыхарамкәа агәашьа ҿыц аргылара аԥшьыргеит. Ари ахықәкы адгылара арҭеит ауаажәлар.

Апроект ашьақәыргылаҩцәа иазгәарҭеит 540 ԥшьыркца метр ичаԥоу ахаҳә аҿы, жәба, быжьба метр аура змоу, жәеиза шьаҟа еихшаны, анеирҭақәа бжьаҵаны, агәҭаны абырлаш зҭоу, ҩ-метрак рҟынӡа ихагьежьаау амыдаӷьцәа ақәыргылара. Хымԥада аобиект акәша-мыкәша иқәҵахоит ахаҳә, инагахоит алашарбагақәа, ишьақәыргылахоит аҟәардәқәа, еиҭаҳахоит аиаҵәара.

Агәашьа аргылара хылаԥшра ҷыда азҭо, Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Владимир Џьниа иажәақәа рыла, аобиект аргылара иақәырӡу ахарџьи, иагаз амаҭәахәқәеи рзы адырра ҟаиҵоит, аус анхырқәшахалак ашьҭахь. Иахьазы агәашьа аргылара аҵыхәтәантәи ахәҭа нап аркуп.

"Мчыбжьык аҩнуҵҟа, амш иаҳнаҭар аҵакыраҟны ахаҳә ықәҵахоит, ашьаҟақәа рахь афымца наҳгоит, аргылара ашәыга ахьаҳшьуеит, ишьақәҳаргылоит аҟәардәқәа, убас еиҭаҳахоит еиуеиԥшым адекоративтә ҵиаақәа. Ари аобиект иамариашаны, амшын аԥшаҳәаҿы хәышә метр ахаҳә ықәҵоуп, иаҭоуп амаакырақәа", - иҳәеит иара.

Владимир Џьниа иазгәеиҭеит агәашьа, официалла аныҳәатә усмҩаԥгатә еиҿкааны ишаартхо, ааԥхьарагьы шрыҭахо атәыла анапхгара.

Агәашьа арбахоит "Уахынлатәи Гагра" захьӡу аекскурсиатә хырхарҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0