Аԥсуа боксиор Ҭырқәтәыла имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи атурнир далахәхоит

CC0 / / Бокс
Бокс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрофессионалтә бокс азы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥгахоит Анкара, нанҳәа 23 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Шьҭрала иаԥсыуоу Енвер Бзагоа Ҭырқәтәыла имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи атурнир далахәхоит. Апрофессионалтә бокс азы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥгахоит Анкара, нанҳәа 23 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәоит Аԥсны Апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада Альберт Карди-оӷлы.

Иара иажәақәа рыла, атурнир аиҿкааҩцәа 24 шықәса зхыҵуа абоксиор далыркааит "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахраҿа" Афон ҿыц ианымҩаԥысуаз.

"Исҳәар сылшоит аспортсмен ақәгылара дазыхиоуп ҳәа. Аҽазыҟаҵарақәа дырхысуан Аԥснеиԥш Ҭырқәтәылагьы. Сгәыӷуеит аиааирагьы игап ҳәа", - иҳәоит Карди-оӷлы.

Бзагоа диндаҭлоит абокс азы Ҭырқәтәыла амилаҭтә команда алахәыла.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0