Ари аҩыза сымбацт: кыр аамҭа ласбак шысзымааӡаз

CC0 / / Щенок
Щенок  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алақәа бзиа ижәбала, урҭ иҵабыргыҵәҟьаны ауаа рзы иҩызцәа бзиақәоуп ҳәа иҟоу агәаанагара дадгылоит Sputnik аколумнист Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аҭакәажә лымаанақәа

Аԥстәқәа рыбзиабара ахәыҷраҿы ишыӷәӷәо еиԥш даҽа аамҭак азы иӷәӷәоуп ҳәа сыҟам. Ари баша иахьатәи аамҭазы исымоу гәаанагароуп. Сықәрахь снеир, ласба хәыҷык ахы шьышьуа издыруада иахьатәи сажәақәа сырхыччар. Уи аамҭа иаҳнарбап, аха уажәазы ԥшь-шьапык зҵоу арҭ аԥстәқәеи сареи аханатә ҳаизыҟазаашьақәа шышьақәгылоз шәыцеиҩысшар сҭахуп.

Бабуца Багаҭелиа - Sputnik Аҧсны
Нанду лажәабжьқәа: аԥсҭазаара уадаҩ захьӡыҵәҟьоу

Ашколахь сымцаӡацызт. Ԥхны мшык аҽны, абжьааԥны еиԥш сҩызеи сареи ҳшьапқәа хырҟьаҟьа ашҭаҿы ампыл ҳшасуаз, "актәи атаим" хыркәшаны ҳаԥсы ҳшьонаҵы, сеилазгашаз ажәабжьк насеиҳәеит. Иара иажәақәа рыла ааигәа инхоз ҳгәыла аҭакәажә лла мызкы аԥхьа аласбақәа рацәаны иахылҵзаап. Сара иаразнак, имаҷымкәа аамҭа злабжьысхьаз ала, акгьы саӡарым ҳәа агәыҩбарақәа сызцәырҵит. Аха сҩыза "апаника" ҟасымҵарц насабжьиган, уажәааигәа аҭакәажә лҟны даныҟаз аласбақәа "тонак" шибаз агәра сырго, ииулак сгәы ирҭынчит.

Аамҭа мгаӡакәа, иара уи сҩызеи сареи ҳаиманы, аласба ҳабымҭар ада ԥсыхәа ҳамам ҳәа аҭакәажә лгәашә ҳаалагылеит, ҳшьапқәа шыхтыз. Лара ҳзызнеиз аус анлеилҳаркаа, аамҭа агаха шҳамамыз лбан, аласбақәа рани дареи ахьтәаз аҭыԥ аҟны ҳнаганы иаҳлырбеит. Зынӡа ԥшь-ласбак ыҟан. Сышрылаԥшызҵәҟьа иаразнак урҭ руак сгәаԥхан, снацәкьыс рхханы ианақәыск, аԥшәма иаалгәамԥхеит. Уи иалухыз аласба чмазҩуп, лассы иԥсуеит, иабауҭаху ҳәа сжьажьо, даҽакы сырбаны, абри еиӷьу адунеи аҟны ласбак амҳәац ҳәа схы дааҭалан, саргьы акәҵәҟьаз џьысшьеит, амыждаразы. Уеизгьы-уеизгьы слаԥшуазма, аласба ласбоуп, зегь дара рами ҳәа сгәы иаанаган, сҩыза ҿыц насгәыдыҳәҳәаланы аҩныҟа сыԥрит.

Сҭаацәа рҟынтәи иансааха ауп, аҭакәажә раԥхьа исгәаԥхаз аласба сгәы ахыршәаны ари зсыдлырҽхәалоз змааназ анеилыскаа. Егьи ҷкәынан, лхазы илҭахын. Ари ӡӷабын, зықәра амаҷра аҟнытә рацәак ззеилмыргоз "аахәаҩ" анцәа данылзааишьҭ, дгәырӷьаҵәа илԥырылгеит. Аахәаҩ ҳәа ззысҳәо хәыда-ԥсада аласба ахьаҳмоуз азоуп, иҳамҩатәны аҭакәажә лааҵәа аӡлагара аҟынӡа илзаҳгар акәхеит сҩызеи сареи. Усҟан еилкаашьа сзаҭомызт сеиҳабацәа аласбақәа аҷкәыни аӡӷаби ҳәа изеилырхуаз, аха шықәсқәак рышьҭахь "Бинго" ҳәа зыхьӡысҵаз слеиқәаҵәа аҵыхәала сзыниаз ахҭыс сыблақәа рацәа ихнатит.

Конкурс собак - Sputnik Аҧсны
Ашәарыцара иазыхиоуп: алақәа рцәыргақәҵа

Ала сшақәӡыз, нас ишсықәӡыз иаргьы

Иҟалазгьы уи ауп. Шықәсык аҟара ҵхьаны Бинго анхара цәгьа иамбо иҟалан, ҽнак аҳаблаҿы лас кыр ыҟазар еизаны ҽырбара ҳәа еиманы иааит. Арҭ "асасцәа" каҳуажәра ргәы иҭакны ишымааз еилкаан, аха сара стәала иаразнак аҿагылара рысҭарц саналага, еиҳа злеишәа бааԥсыз руакы зегьы иаарылҵын, иааины сшьапы иацҳаит. Иара уигьы сгәыла ҷкәын ила акәзаарын аҟнытә, ари аҩыза ахымҩаԥгашьа ахьаанарԥшыз даараӡа сгәы иалсит, еимаҭәаны аҵәуарагьы салагеит.

Аха сылаӷырӡқәа зыдҳәалаз сшьапхьаа акәмызт. Сеиҳабацәа Бинго иахҟьаны уажәшьҭангьы алақәа реизара ҟамлаларц азы, ибжьаӡит ҳәа саҳәаны, иавагаланы аҭыԥ иқәырҵеит. Сара аамҭак азы уи сгәырҩон, сла хазына алахьынҵа ҭаха снаҭомызт, аха схы снапаҿы иаазган, уи иаҭынхаз ҩ-ласба хәыҷык рааӡара сҽазыскит. Дара рыҩбагьы ҷкәынцәан аҟнытә, ран алахьынҵа шырԥеиԥшмыз дырны сгәы сырҭынчуан гәаныла. Руакы иахьӡысҵеит Бобик, аҩбатәи ан ахьӡ азынсыжьырц сыӡбеит, избанзар еизҳацыԥхьаӡа уамак ала актәи Бинго асахьақәа шьҭнакаауан.

Шықәсқәак рышьҭахь Бобик иахьцаз-иахьааз сымбо илабжьахәашеит. Бинго акәзар кавказтәи ашықәснҵыра ззырҳәо ақәра ннаҵит, избанзар алақәа рышәагаала 12 шықәса инеиз сла ҭаҳмадак еиԥш иԥхьаӡаны, ахаҵкы камыршәуа сазныҟәон. Аха ақәра, иагьаумҳәан, иаратәы ҟанамҵар амуит, аҵыхәтәанӡа.

Охота на перепела - Sputnik Аҧсны
"Уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит": ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа

Аҩызцәа ҿыцқәа

Бинго анцоз сышьҭахь аҳаскьынгьы ӷьашхааит ҳәа ишәины ицазшәа уи ашьҭахь ҩба-хԥа шықәса лак саабуамызт, ишласбаз ичмазаҩханы исцәыԥсуан. Уажәшьҭа саргьы уамак аласбақәа сгәы рықәымкәа аҟынӡа снеихьан, аха саншьа ҳамҭас исиҭаз "Сем" захьӡыз аротвеилер, схала сакәымкәа ҭаацәаныла бзиа иаҳбеит.

Мыцхәы аӡыҵәҟьагьы уаҩы иԥырхагоуп ҳәа шырҳәо еиԥш, мыцхәы анапыхаагьы ҽеирак иазҳәамзаап. Алаԥш акызар акәхап ласба мыжда, шықәсыбжак еиҳаны иазнымҵит, арыцҳаразы. Абри ала даҽа лак анҵаразы агәаҳәара анаҩстәи ҩышықәса рыҩныҵҟа исцәыӡны сыҟан саргьы.

Уажәааигәа сҩыза ҷкәынк ҳамҭас исиҭеит ҩымзҟа зхыҵуаз ласба ԥшӡак. Ҳамҭас ҳәа ишԥа, иара иахьиго имамызт аҟнытә, имҩатәны саргьы сгәы ҟаиҵарц иӡбеит. Ажәакала, аҵәгьы мбылуа – акәацгьы ӡуа. Балу аабаҟа мзы ахыҵуеит, макьаназы ахы ахьуам агәы ахьуам, азҳашьа сгәаԥхоит. Сгәыӷуеит уи аамҭалам ҳәа.

Ажәакала, алақәа бзиа ижәбала. Урҭ иҵабыргыҵәҟьаны ауаа рзы иҩызцәа бзиақәоуп, ауаҩы ихаҭа дара рзы аҩыза бзиахара илшар.

Ажәабжьқәа зегьы
0