Мадонна Ԥлиаԥҳа: аԥсуа лакәқәа рмаҭәартә дунеи уамак ала ибеиоуп

© Foto / Айнар ЧитанаваМадонна Ԥлиаԥҳа
Мадонна Ԥлиаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афольклорҭҵааҩ Мадонна Ԥлиаԥҳа лнапы алакуп аԥсуа лакәқәа рмаҭәартә дунеи аҭҵаара. Уи лусумҭа аҷыдарақәеи жәлар рҳәамҭақәа ахәыҷқәа рыхдырра ныррас ианаҭои ртәы шәыдаагалоит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа аҵарауаҩ қәыԥш длыҿцәажәаны, иҟаиҵаз анҵамҭаҟны.

Аинар Ҷыҭанаа,  Sputnik

- Аԥсуа лакәқәа рыҭҵаара шәанбалагеи? Насгьы иахьатәи аамҭазы ари атема ала шәнапы злаку аусумҭа атәы ҳзеиҭашәҳәа.

- Напхгаҩыс дсымоуп апрофессор, академик Зураб Џьота-иԥа Џьапуа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара анысҵоз аԥсуа нашанатә лакәқәа рыҭҵаара атема ала адипломтә усумҭа аҩра сыдызгалазгьы иара иоуп. 2011 шықәсазы, ахәбатәи акурс ахь саниасуаз аамҭазы ауниверситет аҟны иаадыртыз Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҟны аусура салагеит. Аԥсуа лакәқәа рыҭҵаара иара убри сдипломтә усумҭаҟынтәи ауп ишалагаз. 2012 шықәсазы сдипломтә усумҭа қәҿиарала ихьчаны аҵара саналга ашьҭахь, сҭалеит аспирантура, афольклор азанааҭ ала. Иахьатәи аамҭазы аԥсуа нашанатә лакәқәа ирызкны адиссертациатә усумҭа аҩра саҿуп, тема хадасгьы ишьҭысхуеит урҭ алакәқәа рмаҭәартә дунеи аҭҵаара.

Еџье Ҭраԥшьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Еџье Ҭраԥшьԥҳа: раԥхьатәи аԥшаах збеит сабдуцәа ахьҭыҵыз Анхәа ақыҭаҿы

- Алакәқәа рыҭҵааран уадаҩрақәас ицәырҵуаз арбан, ишәԥыхьашәозма иӡхьоу, аиҭашьақәыргылара зҭаху аматериал?

- Иӡхьоу аматериал, ҳәарада, уажәы-уажәы ицәырҵуан. Аԥсуа лакәқәа зегьы системак аҟны еидкыланы, еизааигәоу, еишьашәалоу асиужетқәа шьақәыргыланы ҳакадемик, ҳҵарауаҩ ду Сергеи Зыхәба хазы аизгақәа ҭижьит. Арҭ ашәҟәқәа сара сдиссертациа аҩраан даараӡа исыхәеит. Уаҟа алакәқәа зегьы еиҳа ижәытәу инаркны аҿыцқәа рҟынӡа системакны еишьҭаргылоуп аҟнытә, ахархәаразы кырӡа иманшәалоуп. Реишьҭагылашьа шыҟоу абас ауп: аԥстәқәа ирызку алакәқәа, анашанатә лакәқәа, нас абзазаратә лакәқәа, иара убас иҟоуп алафқәагьы.

- Ҳаамҭазтәи ахәыҷтәы литература шәышԥахәаԥшуеи?

- Ҳашәҟәыҩҩцәа рхыԥхьаӡараҿы, ирацәаҩымзаргьы, иҟоуп ахәыҷтәы литература знапы алаку. Иара убас ҳара иаҳбарҭоуп еиуеиԥшым аиллиустрациақәа, акомиксқәа реиқәыршәара знапы алаку ауаагьы шыҟоу. Иаҳҳәап, Асҭамыр Кәыҵниа ҿырԥштәыс дааҳгар ҟалоит. Иара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны имаҷымкәа акомиксқәа ахәыҷқәа ирзыҭижьхьеит. Лассы ихиркәшоит "Абрыскьыл ифырхаҵара" ҳәа хьӡыс измоу амультфильм аус адуларагьы. Ажәлар рҳәамҭа иахылҵыз асиужетқәа рбеиара ахә ашьара цәгьоуп. Урҭ еснагь ҵакыла еиҳа иҵаулоуп, ихаҭәаауп, ахәыҷы ипсихологиа ииашаны ашьақәгылара иацхраауеит.

- Ҳаамҭазтәи аҳәаанырцәтәи амультфильмқәа аԥсуа хәыҷқәагьы кырӡа бзиа ибаны иахәаԥшуеит. Шәгәанала, аԥсуа сиужет аазырԥшуа амультфильмқәа ҭыхлазар, урҭ азҿлымҳара роуама ахәыҷқәа рганахьала?

Ашәаҳәаҩ, амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа Абрыскьыл ифырхаҵара захьӡу амультфильм аҭыхра даҿуп. - Sputnik Аҧсны
"Супермен" духазыршҭуа: Абраскьыл акомикс аҟынтә амультфильмнӡа анаӡара шилшаз

- Аԥсуа мультфильмқәа рҭыхра кыр ибзиоу, хәарҭара ду злоу идеиоуп. Избан акәзар аԥсуаа рҵас-рқьабз, рҟазшьа, рхымҩаԥгашьа, рдунеихәаԥшышьа зныԥшуа асиужетқәа ахәыҷқәа заманала иааӡоит ҳәа исыԥхьаӡоит. Ҳәара аҭахума, уи зегьы аҟәрышь рацәа зҭаху усқәоуп, аха иахьынӡауа ала аԥсуа мультфильмқәа рҭыхра алыршалатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит.

Зегь раҵкыс ихаданы исыԥхьаӡо, ахәыҷы дызхәаԥшуа асахьа ԥсышәала арцәажәара ауп. Ҳәарада, ҳара ҳлитература аҟны, ҳфольклор аҟны ҵыхәаԥҵәарада аус здуулаша аматериал беиа ыҟоуп. Сгәанала, еиҳа инарҵауланы арҭ аматериалқәа иргәылаԥшызар, ахәыҷқәа еиҳа ргәы иақәшәаша, ирышьашәалаша асиужетқәа рацәаӡаны иԥшаазар алшоит. Ари аҩыза аусура амҩаԥгара шхымԥадатәиу еиҳа-еиҳа аамҭа иаҳнарбоит. Амультфильмқәа рыдагьы, аԥсуа лакәқәа лассы-лассы шәҟәны рҭыжьрагьы аҭахуп, сгәанала. Избан акәзар, ажәытә ҳәамҭақәа здыруа ауаа, арыцҳаразы, еиҳа-еиҳа имаҷхоит.

- Аҵыхәтәан, даҽа зныкгьы шәдиссертациатә усумҭа ҳазыхынҳәыр сҭахын… Алакәқәа рҟны ицәырҵуа амаҭәарқәа аԥсуара аганахьала ирыҵаҵәаху аҵакқәа шәҳазрылацәажәа.

- Сдиссертациа алакәқәа рмаҭәартә дунеи аҭҵаара иахьазку аҟнытә, сусура кырӡа аинтерес аҵоуп. Анашанатә лакә анаҳҳәа – ареалтә ԥсҭазаараҿы иҟамло ахҭысқәа роуп уа иҟоу. Иаҳҳәап, ачабра аԥсуа лакәқәа рҟны инанагӡо афункциақәа рацәоуп. Афырхаҵа нырцәынтәи даауеит, аха аҩысҭаацәа ишьҭоуп, ишьразы. Иара ачабра аниршәлак – аӡы ҟалоит, мамзаргьы ацҳа хылоит. Ахҳәа аниршәлакь – ибнаршәырахоит. Абарҭ амаҭәарқәа ҳаԥсуаа рҵас-рқьабз аҟны лассы-лассы иуԥылоит, иҽеим амчқәеи алаԥш цәгьеи рҟынтәи ауаҩы ихьчаразы. Ажәакала, алакәқәа рҿгьы арҭ амаҭәарқәа баша-маша ицәырымҵӡеит, еснагь акы иадҳәалоуп, акы иазырхоуп. Абарҭ акәама-ҵамақәа зегьы ахәыҷқәа ирылааӡалазар, идырбалазар - ԥсуала рааӡараҿы нагарҭа змам мыругоуп, ҳәарада.

- Ишәзеиӷьаҳшьоит ақәҿиарақәа шәнапы злаку аҭҵаамҭаҟны.

Иара убас шәаԥхьар ауеит:

Ажәабжьқәа зегьы
0