Аԥсра иахыԥаз иныҳәара: адгьыл ахыԥареи асимволикатә ԥсыжреи

© Sputnik / Томас ТхайцукНародные обряды
Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адгьыл ауаҩы ишизыбзиоу еиԥш, изԥырхагогьы ыҟоуп рҳәоит. Иаҳҳәап аӡәы лассы-лассы амашәырқәа дрыниоит. Ус еиԥш иҟаз адгьыл изыразхаразы дырныҳәон.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Адгьыл ахыԥара – ауаҩы ихыԥара

Адгьыл амч ыҟоуп, адгьыл амч амоуп ҳәа аԥсуа еснагь аӡбахә рҳәон. Адгьыл амч убри аҩыза адоуҳа ацын амҳаџьырра ашықәсқәа раан зыдгьыл иахыганы ихырҵәаны иргоз ауаа рыдгьыл уаԥсҵәык-уаԥсҵәык иахьцоз ишьҭыхны иргон. Уи рыдгьыл абзиабара, агәыбылра, азхьаара адагьы, адгьыл амы шрыцхраауаз агәра ргон…

Ажәҩан - Sputnik Аҧсны
Агәаҟрақәа раанкылара, ма аԥсраҿаҳәара ақьабз

Адгьыл ауаҩы ишизыбзиоу еиԥш, изԥырхагогьы ыҟоуп рҳәоит. Иаҳҳәап аӡәы лассы-лассы амашәырқәа дрыниоит. Ус еиԥш иҟаз адгьыл изыразхаразы дырныҳәон. Асимволтә ҵакы аман ауаҩы амашәыр дахьақәшәо аҭыԥ. Уантәи адгьыл (анышә) ыҵхны иааганы иныҳәон. Насгьы, иаҳҳәап, ауаҩы аҽы дканажьзар, дахькаҳаз аҭыԥ аҟны адгьыл иахыԥон.

Ахыԥара амагиатә ҵакы ҳазааҭгылозар, ҳәаак ахыҵра, рҿиаратә ҭагылазаашьак аҟынтәи даҽа ҭагылазаашьак ахь аиасра, акы аиааира аанарԥшуеит. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, аԥсуаа ражәа иалоуп "иԥсра дахыԥеит", мамзаргьы "иаџьал дахыԥеит". Аха "абзиа – ацәгьа" шеиҿагылоу еиԥш "ахыԥара" аҵакгьы ҩбаны ишоит. Ауаҩы (ахәыҷы, аду) уихыԥар, уихысыр ҵасым рҳәоит аԥсуаа. Дхәыҷызар, дызҳаӡом рҳәоит,  ҿыц егьи аганахала дихрыжьуеит. Аҭаца раԥхьаӡакәны дзыҩнало аҩнаҭа ашәхымс данахрыжьуа аҳәызбақәа еиҿарыкшоит ацәгьа аанкылара иадырганы. Мамзаргьы нанҳәа аухазы амца ахыԥара – аҩысҭаацәа рбылра иадыргоуп убас егьырҭгьы.

Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи архив аҟны иаҳԥылоит абас еиԥш иҟоу нҵамҭак  Инаԥҳа-Гәаӡаа Ӡабулиа лҟынтәи ианҵаз Џьырхәа ақыҭан (ашықәс еилкаам, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа ранҵамҭа):

"Адгьыл зԥырхагоу, аҽы дканажьыр ҟалоит, амашьына дканажьыр ҟалоит, иара дышнеиуа ак ихьыр ҟалоит. Икаҳаз, адгьыл зԥырхагогьы убригьы араса-ҵәы лаба ааҟарҵуан абырфын рахәыц акәыршаны. Ача аакәаҳаны, исахьа, дыҷкәыноума, дыҷкәынзар, исахьа алырхуан, дыӡӷабзар, лсахьа ала иааҟарҵуан. Нас ацха-ӡҩа, ахарҵәы-ӡҩа, араса аараӡны-агьыи, убас иааҟаҵаны, адгьыл иахыԥаны дахькаҳаз, адгьыл ыҵхны иааганы, агәарԥ аҿы, иахьыцқьароу  џьара иныҳәон", - ҳәа азгәалҭон аиҭаҳәаҩ.

Адгьыл ахыԥара араҟа ауаҩы ихьша-мыхьша ихыгара иасимволуп. Иаҳгәалаҳаршәап, ахәыҷы дкаҳар, дахькаҳаз аҭыԥ аҟны уаԥсҵәык адгьыл ҩышьҭыхны ихы иакәыхшаны ишихырго адгьыл изылԥхарц азы.

Асимволикатә ԥсыжра

Зыԥсра иахыԥаз ауаҩы уаҳа ацәгьара иааигәа имааиразы асимволикатә ԥсыжра мҩаԥыргон исахьа зманы иҟарҵоз маҭәарк анышә аҭарала. Иара усҟангьы ԥсрак аҟны иҟоушәа аҵәыуара ацны.

Хыхь зыӡбахә ҳәаз иара убри аинформант лажәа иацҵо еиҭалҳәоит абас еиԥш:

Ақәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анцәаҳәа, Анцәарныҳәара, Хыхь иҟоу - абшьҭра иатәу аҩнаҭа рныҳәа

"Араса-ҵәы иҟарҵаз анышә иарҭон, егьи иара исахьа ҳәа иҟарҵазгьы уа анышә иарҭон. Аныи акәтаӷь, араса аараӡаны, ацха-ӡҩа, ахарҵәы-ӡҩа – рызегь убра инкаҭәаны, нас амыткәма лҳәон амни аҭакәажә иныҳәо, амыткәма лҳәон аӡы анышә даҭаны дылҵәуошәа. Нас убри дшаҿу акәымкәа, ашәақь иармарахьарала ижәҩахыр иаақәкны, хынтә дхысны, дышьҭкәыцәаа, ишьапы дықәмырскәа, ишьҭахьҟагьы дхьамԥшкәа, афырҳәа аҩны диман дыҩналон", - ҳәа азгәалҭеит.

Ас еиԥш аисмволикатә ԥсыжра мҩаԥыргоит иаҳԥылоит аӡәырҩы ажәларқәа рҟны. Иара хықәкыс иамоуп ацәгьара аԥырҟәҟәаара даҽа маҭәарк ахь амч аиагарала. Ас еиԥш ақьабз аҭыԥ амоуп амзартә ныҳәарақәа (адгьылқәаарыхра иадҳәалоу) раангьы. Усҟан уи ҵакыс иамоуп ииасыз аамҭа хҵәахак ахыԥара, ахыгара.

Ҳаамҭазы иахьагьы иуԥылоит ажәларқәа ас еиԥш ақьабз мҩаԥызго, аԥсуаа ҳҟны уи ииасыз аамҭа иатәу акоуп. Уажәы иубо амашәыр иахьақәшәаз аҭыԥқәа рҟны идыргыло аԥшьыркцақәа, мамзаргьы аџьар сахьа змоу алаба ауп… Амала ауаҩы зыԥсра иахыԥаз, амашәыр дахьақәшәаз аҭыԥ аҟны адгьыл ихы иакәыхшаны дызныҳәо ыҟоуп, иҟоуп ианахнаҟьогьы ачара аура аҟынӡа. Аха иаҳхамышҭлар бзиоуп ихадароу ажәеи ақьабз хаҭеи шакәу иззыҟауҵо ауаҩы ихәарцаз акәзар хықәкыс иамоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0