Агәаҟрақәа раанкылара, ма аԥсраҿаҳәара ақьабз

© Фото : chuttersnapАжәҩан
Ажәҩан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсра зчычаз аҭаацәара ргәаҟрақәа раԥхьырҟәҟәааразы имҩаԥыргоз ажәытә қьабзқәа дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа ражәаҳәаҿы акырӡа ҵуеит ахархәара рымоижьҭеи ажәаԥҟақәа: "Аира зшаз, аԥсрагьы ишеит", "Аира аԥсра ацуп", "Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп", "Имԥсуа аӡәгьы дыҟам".

Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы

Аԥсҭазаараҿы зыҽны ииз мышкызны идунеи имԥсахыр ауам, заџьал иацәцахьоу аӡәгьы дыҟам. Алԥсаа дзауз игәы рӷәӷәо, аԥсабара азакәанқәа рҿы ауаҩытәыҩса дшымчыдоу иеилыркаауа, уи инамаданы агәкажьра шахәҭам ирдыруа, хыхь иаагоу ажәаԥҟақәа рҳәоит.

Адунеи аԥсахра иадҳәалоу аҵасқәа ҳмилаҭ рыҟны имаҷым.

Уажәы аӡбахә сҳәарц сҭахуп ажәытәан имҩаԥыргоз, иахьа зыӡбахә уарла-шәарлатәиу "аԥсраҿаҳәара" ақьабз.

Аԥсраҿаҳәара – аԥсреи агәаҟреи ихҭанакыз аҭаацәараҿы, ԥхьаҟа агәаҟрақәа раанкыларазы имҩаԥыргоз ҵасын. "Аԥсра ахы рацәанашьаӡом" рҳәоит аԥсуаа, убри аҟнытә аҩнаҭа аԥсра иацәырыхьчарц азы еиуеиԥшым аҵасқәеи ақьабзқәеи мҩаԥыргон.

Аҵарауаҩ Г. Ф. Чурсин иетнографиатә нҵамҭақәа руак аҿы иҩуеит: "Зегь реиҳа ишәарҭан аҭаацәара аиҳабы иԥсра. Уи иԥсра даҽа ԥсрак ашьҭанеир ҳәа ишәаны, аԥсы дандәылыргоз аамҭазы аӡәы ашаха жәпа иманы аҩны аԥхьа даагылон. Иикыз ашаха аҩны иахырууааны аҩны ашьҭахьҟа игылоз ишҟа ишьҭуан. Рҩыџьагьы наҟ-ааҟ ашаха бжьданы аҩны иқәырӷәӷәаны идырххон. Ари ақьабз "аҩны аҿаҳәара" ҳәа иашьҭан". Абас, аԥсра ихҭанакыз агәараҭа рыхьчон. Ас еиԥш иҿаҳәоу аҩны аԥсра иацәыхьчахоит ҳәа азырыԥхьаӡон.

Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
"Ахнышьыр аҵгара", мамзаргьы аԥсуа хәышҭааразы азгәаҭақәак

Аԥсра ҿааҳәыра амоуа аҩны-агәара аҭцаразы, аԥсы ашҭа данынҭыргоз аамҭа иақәыршәаны, гәыԥҩык рҽааидкыланы аҟәҟәаҳәа еицхысуан. Ахысбжьы иацәшәоз аԥсрагьы изчычаз аҩнаҭа ааныжьны, уаҳа аара агәамԥхо ицон. Уи аамышьҭахь уи акраамҭа ихьаԥшӡом ҳәа агәрагара рыман.

Иара убасгьы, ажәытәан аҩны ахьчаразы имҩаԥыргоз аритуалқәа ируакын "аҩны аҟнытә аԥсра адәылцара" ҳәа хьӡыс измаз. Аԥсуаа ргәаанагарала аԥсра зыцәшәо, адәылцара зылшо аиха мамзаргьы аихалых оуп. Убри аҟнытә уи аритуалқәа рҿы ахархәара арҭон.

Абас раԥхьаӡатәи ахылҵ дзыԥхаз аԥҳәыс қәыԥш лысаби анышә данамардоз аламҭалазы амацәаз форма аҭаны еиҿадырԥаз архнышьнақәа ҩба дрыҵысыр акәын, уи ала аԥсра еихала иршәаны наҟ илҟәырцон.

Хырԥашьа змам: аџьал аԥсуаа рдунеидкылашьаҿы>>

Ус ҟарымҵар аԥсра аҩны аҩнуҵҟа иаанхоит, ԥхьаҟа иираны иҟоу ахшара ирԥырхагахалоит, рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылалоит ҳәа азырыԥхьаӡон.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0