Аԥсны АКХ: алхырҭатә ҭыԥ анҭыҵ абжьыҭаразы арзаҳал алаҵатәуп нанҳәа 24 рҟынӡа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа
Аԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа Sputnik аинтервиу аналҭоз еиҭалҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа раан алхырҭатә ҭыԥ анҭыҵ абжьыҭара аԥҟарақәа ртәы.

АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Алхырҭатә комиссиақәа алхырҭатә ҭыԥ анҭыҵ абжьыҭаразы арзаҳалқәа рыдыркылалоит нанҳәа 24 рҟынӡа, абри азы Sputnik адырра алҭеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа.

Лара излалҳәаз ала, агәамбзиара иахҟьаны дарбанзаалак ауаҩы алхырҭатә ҭыԥ ахь дзымнеиуазар, акомиссиахь арзаҳал наишьҭуеит аҩны дшыҟоу абжьыҭаразы алшара ирҭаразы.

Парламентские выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ: ахада иалхрақәа рҟны 116 нызқьҩык инареиҳаны рыбжьы арҭар ҟалоит

Анаҩс уи ихаҭарнак (иҭаацәараҟынтәи акәу, даҽаӡә иакәу - ахада иалхразы азакәан аҟны иарбам - аред.) алхырҭатә ҭыԥ ахь днеины алхҩы иарзаҳал неигар илшоит. Убри аан уи иара ихатә документқәеи ма аҩны зыбжьы азҭар зҭаху алхҩы идокументи неимгар ҟалоит.

"Уи ауаҩ ихьӡ азеиԥш шәҟәынҵа ианырҵоит. Нанҳәа 24 асааҭ 18:00 рышьҭахь ашәҟәынҵа адыруеит, убри азы аҩны абжьыҭара зҭаху убри аамҭаҟынӡа рарзаҳалқәа нарышьҭроуп", - лҳәеит Лабахәуаԥҳа.

Алхырҭатә ҭыԥ анҭыҵ зыбжьы азҭар зҭаху алхыҩ иҩныҟа алхрақәа рымш аҽны акомиссиа алахәылаҩцәа нарышьҭуеит ҳәа азгәарҭеит АКХ аҟны.

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Ахада далырхуеит хәышықәса аҿҳәара иҭаны. Хаҿык ҩ-ҿҳәарак иеиҳаны хадас аус иур ҟалаӡом. Ахада даналырхуа ахада ихаҭыԥуаҩгьы дицалырхуеит.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0