Аинвесторцәа Аҟәа аҳаирбаӷәаза ҩышықәса рыҩнуҵҟа ишьақәдыргылоит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДорожный указатель на Сухумский аэропорт у села Пшап.
Дорожный указатель на Сухумский аэропорт у села Пшап. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, нанҳәа 21 рзы Аминистрцәа Реилазаараҟны имҩаԥысит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганбеи Урыстәыла Аҳаиртә транспорт афедералтә агентра "Росавиация" ахаҭарнакцәеи реиԥылара.

АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы иаҭаххоит ҩышықәса рҟынӡа аамҭа, абри атәы иҳәеит аинвестициатә проект "В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" анапхгаҩы Егор Соломатин Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны имҩаԥысыз аилатәара ашьҭахь.

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аинвестор ихарџь алоуп излашьақәдыргыло

"Уажәы ҳара амастер-план аиқәыршәара ҳаҿуп, убри азы аҿҳәара нықәырԥшшәоуп ишаҳҳәо, уи ҩышықәса иреиҵахом, избанзар амастер-план ашьҭахь апроект-харџьынҵатә документациа шьақәҳаргылароуп, уи шықәсыбжак ҳцәагоит. Аҳаирбаӷәаза зегьы, ашьҭԥрааратә цәаҳәа ада, шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылатәуп. Ҳусурақәа ҭагалан ҳрылагозар, аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара ҩышықәса ҳцәагоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аҳаиртә транспорт азы афедералтә агентра "Росавиация" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Олег Сторчевои Аграждантә авиациазы жәларбжьаратәи аиҿкаара азакәанԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳаиртә еимадара ашьақәыргылара алыршаразы азҵаара аҭак ҟаҵо, иазгәеиҭеит ари азҵаара алацәажәара ишаҿу, макьана аус адулара шаҭаху, аиҿцәажәара рылҵшәақәа рыла алкаақәа шыҟаҵахо.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иҳәеит аҳаирбаӷәаза аусура аексперттәи азинтәи ганқәа рыӡбаразы шакәу "Росавиация" ахаҭарнакцәа заарыԥхьаз.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аеродром иаиуит аицгылара астатус, ари аҩыза аӡбамҭа аднакылеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ԥхынгәы 26 рзы. Ас еиԥш астатус иалнаршоит аграждантәи аҳәынҭқарратәи (арратә, аҳәаахьчаратә, аҳазалхратә, аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рынагӡаразы даҽа авиациа хкык - азгә.) авиациақәа аеродром ахархәара.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Сухум - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза астатус аиуит

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭарҿыцразы аусурақәа ирылагеит 2018 шықәсазы, апроект-харџьынҵатә документациа аиқәыршәаразы аурыс инвестор дааԥхьаны. Аҳаирбаӷәаза аартра ашьҭахь уахыки-ҽнаки рыла хԥа-хәба нызқьҩык апассаџьырцәа аднакылалар алшоит, ахархәара аиуеит аҳаиртә еидарамҩангарагьы.

"Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" анбантә код аҭаразы" Ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭан жәларбжьаратәи ԥшьынбанк рыла ишьақәгылоу акод "URAS", анаҩс уи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳаирнавигациатә информациа аизак (AIP) ахь алагаларазы.

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа, аӡынра - зықьҩык рҟынӡа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳаирбаӷәаза аԥхасҭа ду аиуит. Уи акәша-мыкәша аминақәа шьҭаҵан. 1993 шықәса рзы иадыркит. 2000 шықәса рзы ахыбреи абаӷәаза аҵакыреи аминақәа рҟынтәи идрыцқьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0