Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥиԥиа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аусура алзыршо апроект азы: иааира дууп

© SputnikВахтанг Ԥиԥиа
Вахтанг Ԥиԥиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аусбарҭа аиҳабы Вахтанг Ԥиԥиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳаиртә баӷәазазы апроект аус адулара шцоз атәы.
Ԥиԥиа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аусура алзыршо апроект азы: иааира дууп

"Ари апроект аусура ахацыркра аԥсуа жәлар зегьы рзы иааира дууп ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьа Аԥсныҟа иаауа Ԥсоу ацҳа дықәсны ада аашьа имаӡам. Аҳаиртә баӷәаза аусура ианалага, аԥсшьаҩы ҩымш-хымш ҳәа даар илшоит Урыстәыла иарбанзаалак кәакьк аҟынтә. Ари аумаӡа аҵанакуеит. Акурорттә адагьы, ақыҭанхамҩа уҳәа еиуеиԥшым аганқәа рыла ихәарҭоу проектуп. Ҳара уажәы аус адулара ҳаҿуп атранспорт-логистикатә хаб ду ҳәа изышьҭоу апроект. Ҳгәы иҭоуп амшынтә баӷәаза ду аргыларагьы, арҭ апроект дуқәа русура Аԥсны аекономикатә ҿиараҿы цхыраагӡа духоит", - иҳәеит Ԥиԥиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0