АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Альба Асусена Торрес-Мехиа Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба инапаҿы илыркит агәраргагатә грамота ахәаша, нанҳәа 23 рзы.
Урыстәыла иҟоу Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес-Мехиа лусура инаваргыланы, Аԥсны иҟоу Никарагуа ацҳаражәҳәаҩысгьы дҟарҵеит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба агәраргагатә грамота анлиҭоз ацеремониа мҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ахәаша, нанҳәа 23 рзы.
Торрес-Мехиа лганахьала уи агәраргагатә грамота Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба илҭеит.
"Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Ахадеи аԥсуа жәлари! Сара аҳаҭыр ду сзаҵоуп сыжәлар амаҵ азура, уи ахьӡала шәтәылаҟны аусура. Никарагуа ахадеи ахада ихаҭыԥуаҩи асалам ду шәзаарышьҭуеит. Шәареи ҳареи ҳаимардоит жәашықәса раԥхьа ҳазцанылаз аҿиарамҩа, уи наҟ-наҟ арҭбаара ҳгәы иҭоуп", - лҳәеит лара.
Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ иазгәалҭеит аԥсшәа лҵар шылҭаху.
"Аԥсшәа даара исҵар сҭахуп, мышкызны шәпоет ду Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа роригиналқәа срыԥхьарц азы. Иара убасгьы исҭахуп алитература ҳажәларқәа еимаздо даҽа шьаҿакны иҟалар. Шәареи ҳареи ҳамчи ҳалшеи еидкыланы, аҭынчреи ԥхьацареи рзы ҩнапыкла аус ҳуп ҳәа", - лҳәеит лара.
Аԥсны ахада Торрес-Мехиа илыдиныҳәалеит амаҵура ҿыц аҟны аусура дахьалагаз, иагьазгәеиҭеит Никарагуа арегионалтәи жәларбжьаратәи аҩаӡарақәа рҟны иаанарԥшуа адгылара Аԥсны ахә ҳаракны ишашьо.
"Ишәыдысныҳәалоит аҳаҭыри аҭакԥхықәреи зцу амаҵура шәахьахагылаз. Ҳара иаҳҭахуп шәусура алҵшәа бзиақәа аанарԥшырц, ҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иацхраарц. Ҳара агәра шәҳаргоит ҳганахьала иаҭаху ацхыраареи адгылареи шшәаҳҭо. Арҭ ашықәсқәа рзы ҳабжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа аиҩызареи аилыбакаареи рыла еибаркуп. Аԥсуа жәлар ахаан ирхашҭуам Никарагуа Аԥсны аназханаҵаз амш, акрызҵазкуаз аҭоурыхтә мшқәа раан иаҳзыҟарҵаз адгылара ӷәӷәа ахә ӷба иҭам. Шәаԥхьа ишьҭоуп аҭакԥхықәра зцу аусура, ҳҳәынҭқаррақәа русеицура арҭбаареи арҵаулареи апотенциал амоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҩганктәи аизыҟазаашьақәа рыцҵараҿы алагала ду шыҟашәҵо", - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.
Альба Асусена Торрес-Мехиа длыԥсахит Аԥсны иҟаз Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Хуан Ернесто Васкес Араио, уи ара аус иуит хышықәса.
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 3, 2008 шықәса рзы. Шықәсык ашьҭахь ишьақәыргылан адипломатиатә еизыҟазаашьақәа.
Аԥсуа делегациа раԥхьаӡа акәны Никарагуаҟа ицеит 2010 шықәсазы. Усҟан аделегациа напхгара аиҭон Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Аԥсныи Никарагуеи рхадацәа Манагуа рнапы аҵарҩит аиҳабырабжьаратә документқәа жәпакы.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуа Апрезидент иинаугурациа иалахәын>>
Урҭ рхыԥхьаӡараҿы - Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра, Авизадатә еиҭанеиааиразы аиқәшаҳаҭра, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банки Никарагуа Абанк хадеи рыбжьара агәҭакқәа рзы амеморандум, Ахәаахәҭра-економикатә усеицуреи, ахәаахәҭратә мшынныҟәареи, аҳаиртә еимадареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа.
Никарагуа Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхазҵаз рахьтә ихароу аҳәаанырцә иаҵанакуа раԥхьатәи тәылахеит, официалла аусеицуразы аиқәшаҳатра напы зыцаҵазҩыз раԥхьатәи аҳәаанырцә ҳәынҭқаррахеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Никарагуа Аԥсны адипломатиатә миссиа аартра азыԥхьагәаҭоуп
-
Инаԥшьба: Ортега ишиашоу ицоз аефир ала ахәаԥшцәа ахсаалаҟны Аԥсны дирбон