00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:27
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:27
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Такие обстоятельства
Общество кардиологов Абхазии: курс на новое качество помощи
14:47
20 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
2027 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет 30% рҟынӡа Урыстәыла афинанстә цхыраара ала ишьақәгылоит ҳәа арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит Аԥсны Афинансқәа рминистр Саид Гәбаз. 6,3 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡо афинанстә цхыраара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла еихшоуп:Асоциал-економикатә ҿиара ахықәкқәа рзы — 5,1 млрд мааҭ; 2026-2028 шықәсқәа рзтәи Аинвестпрограмма аԥарақәа — 905 млн мааҭ; Аекономика аусхкқәа рыдгылара — 225 млн мааҭ. "Ишаԥу еиԥш, ҳара иҳамоуп ишьақәгылахьоу апрактика, афинанстә шықәса аҩнуҵҟа афинанстә цхыраара аганахьала иҵегьы аӡбарақәа анрыдыркыло — уи амҽхак акыр иазҳар алшоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Апрокурор хада Аминистрцәа реилазаарахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны иаразнактәи алотереиақәа рымҩаԥгара аанкылазарц. Иаразнактәи алотереиақәа ртерминалқәа ргәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла еилкаахеит урҭ уахи-ҽни аус шыруа, зықәра намӡац ауааԥсырагьы шаднагало. Урҭ рхархәара аҿар ахәмарра радҳәалара ашьақәгылараз ашәарҭарақәа цәырнагоит, иара убас ауаажәларратә еиҿкаара еиланагоит, ааигәа-сигәа иҟоу аҩнқәа руааԥсыра рҟынтәи ашшыԥхьыӡқәа ахылҿиаауеит ҳәа аҳәоит апрокуратура аҳәамҭаҿы.
Урыстәылаа аӡынразы еиҳа лассы-лассы Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа иалагеит ҳәа иҳәеит ареспублика АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов. Атуристцәа реизҳара убоит аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа. Уи зыдҳәалоу атуристтә инфраструктура аҿиареи аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аларгареи роуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы. Иара убасгьы иазгәеиҭеит аӡынтәи аамҭазы ареспублика еиҳа аҭаара ишалагаз Беларуссиеи Ҟазахсҭани ртәылауаагьы. 2028 шықәсазы ихыркәшахо аԥсуа-аурыс ҳәааҿы аҳәаахьчаратә мҩанысырҭа аиҭашьақәыргылара "асезон анҭыҵгьы" атуристцәа рхыԥхьаӡара иацнаҵоит, избанзар аушьҭратә лшара жәантә еиҳахоит, аҳәаа ахысра апроцедура арманшәалоит ҳәа азиԥхьаӡоит Латипов.
Сибратәи агастрономиа аинститут аҟны аҵара зҵо аԥснытәи астудентцәа дырҭааит аҟәатәи ахәыҟаҵаҩ еиҳабы Шамиль Кылыч. Иара еиҭеиҳәеит Сибра иҟоу Поль Бокиуз иинститут афилиал агастрономиа иреиҳаӡоу школуп ҳәа, уахь 2017 шықәса рзы иара ихаҭагьы аҭалара дазгәышьуа днеиит. Аԥснытәи абитуриентцәа аҵараиурҭа иҭалеит 2025 шықәсазы Россотрудничество аҟынтәи ироуз аквотақәа рыла. Кылыч — агастрофестиваль "Ҭаагалан агьама: афеихоа" аиҿкааҩ , иара убасгьы ареспубликаҿы агастроуаххьақәа рацәаны имҩаԥигеит. Ахәыҟаҵаҩ иазгәеиҭеит аинститут аспециалистцәа аԥышәа ду рыманы ишоунашьҭуа. "Зегь реиҳа узеигәырӷьаша — ҳҿар уажәшьҭа ара аҵара рҵар рылшоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0