Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа Москва аконгресс иалахәын: ахҳәаа
13:33 05.11.2026 (ирҿыцуп: 13:59 05.11.2026)
Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа Москва аконгресс иалахәын: ахҳәаа
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа Москва имҩаԥысуаз "Амилаҭтә гәабзиарахьчара" захьӡу V аконгресс иалахәын. Аминистр Асҭамыр Гәниа аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны дырԥылеит Таџьықьсҭан, Ҟарачы-Черқьесиа, Ставропольтәи атәылаҿацә рҟынтәи агәабзиарахьчара аминистрцәа. Ирылацәажәан ҩ-ганктәи аусеицура, амедицинатә цхыраара аиҿкаара аусхк аҟны аԥышәа аимдара, акадрқәа рзанааҭтә дырра аизырҳара, ацифратә ӡбамҭақәа ралагалара уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа. Аделегациа иалахәыз Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ, Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Дамеи Занҭариа еиҳа инарҭбааны еиҭеиҳәеит ҳделегациа аконгресс ралахәхара атәы, имҩаԥысыз аиԥыларақәа рылҵшәақәа, убасгьы иахьынӡахадоу аиԥш зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рҽалархәра.
Шәазыӡырҩы аудио.
