Гогьиа: Сҭампыл абжьыҭара ҟамларгьы, алхрақәа рылҵшәа ианыԥшуам

© FotoҬырқәтәыла ареспублика абираҟ
Ҭырқәтәыла ареспублика абираҟ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152, алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 35 рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа 2 аадыртраны иҟоуп Москвеи Черкесски. Сҭампылгьы даҽакы аадыртып ҳәа ргәы иҭоуп.

АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны Аԥсны ахада иалхрақәа Сҭампыл имҩаԥымсыр, иааидкыланы уи абжьыҭара алҵшәақәа анырра анаҭом, иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Атәыла анҭыҵ инхо, ҩтәылауаҩрак змоу Аԥсны атәылауаа абжьыҭарақәа рылахәра азин рымоуп, аха уи азы алхыҩцәа рсиа хазы ишьақәдыргылаӡом. Дара заанаҵ иҟарҵаз арзаҳал инақәыршәаны, ишьақәдыргылоит асиа, алхрақәа рымш аҽны уи ахарҭәаагатә сиа акәхоит", - иҳәеит Гогьиа.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа адырра ҟаиҵахьан алхрақәа Сҭампыл иахьаҵанакуа имҩаԥымсыр рылшоит ҳәа. Ахаҭарнакра Сақариа ақалақь аҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥ иахәҭаз ала еиқәнаршәеит, аха анаҩс излеилкаахаз ала, уи АКХ официалла иақәиҭнамтәыцызт.

Убри аан Аԥсны АКХ изныкымкәа адырра ҟанаҵахьеит Ҭырқәтәыла алхрақәа рымҩаԥгара мап шацәнамкуа азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0