Алхас Кәыҵниа: алхрақәа рылҵшәақәа "Амцахара" азы иқәҿиароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Квициния
Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхратә комиссиа хада заанаҵтәи адыррақәа рыла, Алхас Кәыҵниа иоуит 21,97% абжьқәа, Рауль Ҳаџьымбеи иареи Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ахь инеит.

АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Алхрақәа рылҵшәақәа аполитикатә партиа "Амцахара" азы иқәҿиарахеит, иҳәеит ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.

Алхратә комиссиа хада заанаҵтәи адыррақәа рыла, Алхас Кәыҵниа иоуит 21,97% абжьқәа, Рауль Ҳаџьымбеи иареи Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ахь инеит.

"Аҩбатәи атур ахь ҳнеит. Зегь маншәалахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Алхрақәа абас ҭынч, еилагарада иахьымҩаԥысыз ҳаигәырӷьоит. "Амцахара" раԥхьаӡа акәны ахатә кандидат дықәнаргылеит. Алҵшәақәагьы қәҿиароуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Анаҩс иҟало алҵшәақәа рзы ҩаԥхьа аџьабаа ҳбароуп. Ҳапрограмма ҳаԥсахӡом. Аштаб аусуроуп маҷк иҳаԥсахуа. Иҳауз гхақәак ыҟазар, ириашаны, аштаб аусура иацаҳҵоит", - иҳәеит Кәыҵниа.

АКХ заанаҵтәи адыррақәа рыла, Рауль Ҳаџьымба 23,85 % абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа - 21,97%. Олег Аршба - 21,60%, Асҭамыр Ҭарба - 6,60% , Алмас Џьапуа - 2%, Леонид Ӡаԥшьба - 5,70%, Шамил Аӡынба - 4,14%, Асҭамыр Какалиа - 0,97%, Артур Анқәаб - 1,60%. Алхрақәа ирылахәын 86 138–ҩык алхыҩцәа, процентла уи шьақәнаргылоит 66,55%.

Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны
Акандидат иалхратә штаб: аҩбатәи атур ахь днеит Алхас Кәыҵниа

Ахыркәшаратә еихшьаалақәа мҩаԥгахоит хымш рышьҭахь.

Уаанӡа акандидат Олега Аршба икоманда Алхас Кәыҵниа аҩбатәи атур ахь дышнеиз азхарҵеит.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Нанҳәа 25 рзы имҩаԥысыз абжьыҭарақәа рылҵшәақәа рыла, кандидаткгьы азеиԥш бжьқәа рҟынтәи 50%-и бжьыки ахьимоуз азы алхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит. Уи цәыббра 8 рзы имҩаԥысуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0