Акандидат иалхратә штаб: аҩбатәи атур ахь днеит Алхас Кәыҵниа

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Квициния
Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхас Кәыҵниа иалхратә штаб иҟанаҵаз заанаҵтәи адыррақәа рыла иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иаасҭа еиҳа абжьқәа маҷны иоуит, аха акандидат Олег Аршба иаԥигеит.

АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Аԥсны ахадарахьы алхрақәа аҩбатәи ртур ахь инеит иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниеи, абри атәы аанацҳауеит Алхас Кәыҵниа иалхратә штаб.

Подсчет избирательных бюллетеней на выборах президента - Sputnik Аҧсны
АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа заатәи рылҵшәақәа рыларҳәоит ашьыжь нанҳәа 26 рзы

Кәыҵниа игеит 19 032 бжьы. 

Абасала, аштаб адыррақәа рыла, Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 20304-ҩык алхыҩцәа. Олег Аршба изы - 18931 алхҩы.

"Арҭ ахыԥхьаӡарақәа ҳара ҳаштаб ирԥхьаӡаз роуп. Абиуллетенқәа рышәпроцентк гәаҳҭан, абри аҩыза алҵшәа ҳауит", - иҳәеит Кәыҵниа иштаб ахаҭарнак.

АКХ аофициалтә дыррақәа рыӡбахә рҳәоит нанҳәа 26 шьыбжьагәаны.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла АКХ аҿаԥхьа еизеит ауаа рацәа, аха уажәшьҭа урҭ еимпит, аха амилициа аусзуҩцәа ахыбра ахьчара ишаҿыц иаҿуп, абри атәы аҭыԥантәи иааицҳауеит Sputnik афотокорреспондент.

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Открытие международного пресс-центра ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
Гәамҵрада имҩаԥысит: Бабурин Аԥсны ахада иалхрақәа дрылацәажәеит

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0