Шьамтәылеи Аԥсни аекономика аминистрцәа адәныҟатә еилахәаахәҭра иалацәажәеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДамаск
Дамаск - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Шьамтәыла аекономика аминистр Мухаммад Самер Хали реиԥылара мҩаԥысит Дамаск, нанҳәа 27 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 30– Sputnik. Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны аделегациа ахаҭарнакцәеи Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рзы аминистр Мухаммад Самер Хали реиԥылара мҩаԥысит Дамаск, нанҳәа 27 рзы. Аиԥылараан ирылацәажәан ареспубликақәа ԥхьаҟатәи реизыҟазаашьа ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Шьамтәылатәи атауарқәа аҳәаа рахыгараан аҳазалхратә шәҟәҭагаларазы иаҭахны иҟоу адокументқәа разхаҵаразы атехникатә ԥынгылақәа аус рыдааулароуп. Ҳара ҳалацәажәеит Аԥсны аекономика аминистрра ахаҭарнак Шьамтәыла иҟазаара азҵаара. Макьаназы ареспубликаҿы ацҳаражәҳәарҭа ҟалаанӡа уи раԥхьатәи шьаҿахоит. Ахаҭарнак ахәаахәҭратә операциақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа аус рыдулара инапы ианҵахоит", - иҳәеит аминистр.

Аԥснытәи аделегациа, зхадараҿы аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба дыҟоу, иалахәуп: аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Заур Гәлиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Апарламент адепутат Александр Ҵышәба, адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа адепартамент аиҳабы Инвер Алшәындба.

Нанҳәа 28 рзы ҳделегациа алахәхеит Дамаск имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-иармарка. Иара убасгьы аиԥыларақәа мҩаԥысраны иҟоуп атәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Апарламенти рҿы.

Цәыббра 4, 2018 шықәса рзы Аԥсныи Шьамтәылеи рнапы аҵарҩит аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Уи инашьҭарххны напы рыҵаҩын еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭра маҷқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0