Амацәази абжьыҭареи: Аԥсны алхрақәа рҽынгьы ачара руеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы В Абхазии
Выборы В Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Саид Џьарсалиа ичара аҽны алхырҭатә ҭыԥ №3 аҟны днеины Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны ибжьы аиҭеит. Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур Аԥсны имҩаԥысуеит цәыббрамза 8 рзы.

Аҟәа, цәыббра 8 – Sputnik, Аинар Ҷыҭанаа. Саид Џьарсалиа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь ахыбраҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №3 аҟны ибжьы аиҭеит. Уахь иара дицнеит иԥшәма Сабина Хонелиаԥҳагьы, аха лара даҽа қалақь аҟны дҭаҩуп аҟнытә, лыбжьы алымҭаӡеит.

Выборы президента Абхазии в Москве - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥысшьазы

Саид иажәақәа рыла ачара аҿҳәара аамзы раԥхьа иԥырҵәахьан аҟнытә, уи амш алхрақәа ирықәшәоит ҳәа ргәы иаанагомызт. Насгьы иара иазгәеиҭеит ичареи алхрақәа рымши ахьеиқәшәаз илахь шеиқәнамҵаз, ибзианы ишидикылаз. Иахьа аҭаацәара иалало ажурналист, аамҭа ԥшааны, тәылауаҩык иаҳасабала ихатә гәаанагарагьы ааирԥшырц иӡбеит.

"Ачарагьы – чароуп, аха ҳтәылазы кыр зҵазкуа алхрақәа хырҩа рыҭара сҭахымхеит. Ҳәарада, алхрақәа рахь аара сгәы ишҭаз заа исыԥшәмахараны иҟоу иласҳәеит. Ларгьы сара сгәаанагара дазыразхан, дсыцны алхрақәа рахь дааит. Иахьа лареи сареи еицаҳзеиԥшу аԥсҭазаараҿы иҟаҳҵоит раԥхьатәи ашьаҿа. Иахьатәи амш ҳара ҳзы ныҳәатә мшуп. Зегьы ирзеиӷьасшьоит алхрақәагьы ныҳәак еиԥш имҩаԥысырц" - иҳәеит Саид Џьарсалиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы В Абхазии
Амацәази абжьыҭареи: Аԥсны алхрақәа рҽынгьы ачара руеит - Sputnik Аҧсны
Выборы В Абхазии

Алхратә бӷьыц ҿыц еибагаз рҩыџьагьы аурнахь еицҭадыршәит. Аҭаца имӡакәа илҳәеит илыԥшәмахараны иҟоу ибжьы зиҭаз дарбан кандидату шылдыруа, илҳәеит ларгьы дышиқәшаҳаҭу. Дыззыразу акандидат дарбану ҳәа ажурналистцәа ирҭаз азҵаара Саид ҭакда инижьит.

"Уи ҭаацәаратә маӡазааит", - дналафит Џьарсалиа.

Атәылауаҩ иуалԥшьа нагӡаны, анаҩс дара Аҭарахь рҿынархеит.

Жәҩык акандидатцәа злахәыз Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур мҩаԥысит нанҳәа 25 рзы. Уажәтәи ахада Рауль Ҳаџьымба 24,83% алхҩцәа рыбжьқәа иоуит, аоппозициатә партиа "Амцахара" анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа – 22,91%. Азакәан ишаҳәо ала 50% еиҳаны акандидатцәа аӡәгьы имоуӡеит аҟнытә, ирылаҳәан алхрақәа аҩбатәи ртур, арҭ ҩыџьа акандидатцәа ралахәхарала. Уи мҩаԥысуеит цәыббрамза 8 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0