Аҟәа ақалақь аҿы амцакра аҭыԥ аман

© SputnikАҟәа ақалақь аҿы амцакра аҭыԥ аман
Аҟәа ақалақь аҿы амцакра аҭыԥ аман - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абарак ҟазшьа змоу аҩнеихагыла амца акит Абазақәа рымҩа 13 аҟны, цәыббра 19 асааҭ 14:00 рзы. Амцакра мзызны иамоу макьаназы ишьақәыргылам.

АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik, Бадри Есиава. Абарак ҟазшьа змоу аҩнеихагыла амца акит Абазақәа рымҩа 13 аҟны, цәыббра 19 асааҭ 14:00 рзы ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аҭыԥ ахь иаарласны инеиит Аԥсны АҶА амцарцәаҩцәа рыхәҭа. Абылраан ахыб абжа еилаҳаит. Иҟоу адыррақәа рыла ԥсыҭбара ҟамлеит.

Инхоз руаӡәы ишиҳәаз ала арыцҳара аныҟалоз аамҭазы аҩны иҟаз иараӡәк иакәын. Амца зкыз ахыбра дандәылҵуаз адокументқәа рышьҭыхра дахьӡеит.

Амцакра мзызны иамоу макьаназы ишьақәыргылам.

Амцарцәаҩцәа амцакра дырцәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0