Аибашьҩы ихьаақәа рхьаа - аибашьра ашьҭахьтәи иԥсадгьыл аԥеиԥш

© Foto / Марина БарцицАԥшыхәратә рота, 1993ш.
Аԥшыхәратә рота, 1993ш. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан амедицина-санитартә баталион иалаз, аибашьра алакҭаҵәҟьа иҭаԥшыз аетнолог Марина Барцыцԥҳа иҳадылгалоит Аԥшыхәратә рота иалаз гәыԥҩык ҳаибашьцәа нанҳәа 16, 1993 шықәсазы ажәылара аԥхьа реицәажәараҟынтәи цыԥҵәахақәак.

26 шықәса раԥхьа иахьа абыржәааны ажәылара цон Аҟәа ахақәиҭтәразы, есыҽны иҭахон иреиӷьыз ҳҩызцәа-ҳақәлацәа. Хаҭала сара сзы арҭ амшқәа анааигәахо ахәра птырҭоуп, агәхьаагареи иҭахаз рылымкаа аԥсҭазаара ахы ахыбаареи рыцуп.

Ҳнапы еикәыршаны ҳанхоит ҳәа ҳгәы иаанагон...

Ииасхьоу аамҭа, аҭоурых есымша ирыцуп амифқәа, усҟан иима, ма аамҭа анахыла ицәырҵма... Убас иҟоу иреиуоуп аханатәгьы, усҟангьы, уажәгьы иуаҳауа (абри сзырҩыз) лассы-лассы иуаҳало аформула: "АИБАШЬРА АНЕИЛГАЛАКЬ ҲАЗЕГЬЫ ҲНАПЫ ЕИКӘЫРШАНЫ ҲАНХОИТ ҲӘА ҲГӘЫ ИААНАГОН". Изла?..

Аҵарауаа иазгәарҭахьеит - амилаҭ аҿы зыжәлар зхы рықәызҵарц иазхиоу, иагьзылшо бжьаратәла хԥаҟа процент роуп иҟоу. Ҳара ҳатрадициатә культура еибашьратә культуроуп азы, уи апроцент 5 рҟынӡагьы инаҳгап. Насгьы, аибашьра ишакәхалакгьы иалахәыз, ақыҭақәа ма ақалақь аҟны аума афронт иацхрауаз ацуҵар даҽа 10-20% инаҳгап. Егьырҭ абаҳго?! Убри ауп иахьа уажәы-уашьҭан изуаҳауа: "адезертирцәа ҳиааит!" ҳәа. Аԥхьаӡашьа здыруа изы даҽакала ҟалашьа амаӡамызт. Ишырҳәало еиԥш, "ар анеибашьуаз, аҳәса ркалҭ изыҵымҵыз, ма аԥсшьарҭақәа рҿы ақашь зфоз хацәақәак, ма ҳкажьны Аԥсны иалҵны ицаз роума" - урҭ ахы иаҿагылаз раҵкьыс акырӡа еиҳан.

Иҟан убасгьы имаҷымкәа, ар жәылара иандәықәлалакь, рышьҭахь змашьынақәа рхианы атрофеи агара зҽазыҟазҵоз, урҭ Афонынӡагьы иҩеиуан "имшәаӡакәа". Уимоу, Аҟәа аҭарцәразы ажәылара ианамулакь, иагьҳаҽԥнырҳәон. Аиҳаракгьы, аамҭа хәыҷык анцалакь, урҭ ихьаҵыз, уимоу аӷа иҟны инхаз, аус ицызуаз "аколлаборационалистцәа", ахацәа аԥхьагыларахь инеины, дара ридеологиа аԥыжәара анагалакь, иааирыла иаауганы уҽыззушьуаз уцәыӡыргьы ҟалоит.

Ҳзызхәыцуази, иаҳхьаази аибашьра аан:

  • иҳацәҭахоз, иҳавыршьааз рхьаагара;
  • ҳаԥсадгьыли ҳажәлари шԥаҳахьчари аԥсыҭбара маҷны;
  • ҳамч, ҳхыԥхьаӡара есымша ҳаизибархаӡомызт азы, Аԥсны иалҵны ицаз, измилаҭзаалакь, инаҳгәалашәалон;
  • ҳаԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш - аибашьра ашьҭахь ҳшыҟалаша. Аиааира шаҳгоз гәыҩбара ҳамаӡамызт, ҳанхаргьы ҳаԥсыргьы, ҳара ҳацәнымхаргьы, зегь акоуп аиааира шаҳгоз ҳдыруан. Аха нас ишԥаҟалоз ҳәа ҳамхәыцуази?

Изеиԥшрахои аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥсҭазаара? Нхыҵ-аахыҵ, ма мшыннырцәтәи ҳашьцәа рыда гәыкала ҳзызхьааз маҷын. Адунеи зегь ҳҿагылан. Урҭ рнапы шаҳзеинырымҟьоз, иахьа Кавказ еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны афырхаҵа Ҳаҭажәыҟәа Валера аибашьра анцозтәи иажәақәа рыла - еиҳа ихьанҭоу ашықәсқәа ҳаԥхьаҟа ишышьҭоу, адунеи зегьы дырҩегь ишҳадымгылоз, ҳаԥсҭазаарагьы шдыруадаҩуаз ҳдыруан. Ус егьыҟалеит, даҽа еибашьрак – аекономикатә еибашьра - ҳнаган ҳанҭадыргылеит аблокада, ембарго зыхьӡыз. Аха уи даҽа темоуп…

Аибашьра аамҭазы хымԥада иаҳхьаан иҳавыршьаауаз ҳҩызцәа, зны-зынла зҵәыуараҵәҟа ҳахьымӡоз... Иара ҳаргьы ҳазшьапык ала уахь ҳаҟан, ҳаԥсы ҭиин. Иҳагыз рацәан, иаҳзымдыруаз рацәан, иҭамхараны иҭахоз ахьыҟаз иаҳгәалсын: машәырла иҭахоз, аҭабиа мжыкәа, ма аофицерцәа рыҟамзаара, акомандирцәа рымдырра, рыгха, ажәакала, азыҟаҵареи аԥышәеи ҳамамзаара.

Иаҳхьаан хыԥхьаӡарала ҳмаҷра, избанзар есымша ҳаизибархаӡомызт. Аибашьра раԥхьатәи азбжазы иҟан аамҭақәа Гәымсҭа аганахьала ажәыларазы 300-ҩык рҟынӡа анеизыргоз (иахьа шаҟа нызқьҩык аибашьратә ҳамҭақәа рымоу иаҿҳарԥшып). Иаҳгәалашәалон ҳааигәа имааиз, иҳавамгылаз, уимоу ианыцәгьаха, зынӡа Аԥсны ааныжьны иалҵны ицаз, зшьамхы зҽазыргаз ртәы. Еилкаауп, зегьы абџьар рызкуам, ус иҟоу уган аҿы дгылазар еиҳагьы ишәарҭоуп, аха урҭгьы рҭыԥ, иахьахәаша ыҟамзи! 

Ирина Сичинава  - Sputnik Аҧсны
Лыблақәа Аԥсны рхыубаалон: Ирина Сыҷынааԥҳа лгәалашәаразы

Шамахамзар урҭ рыӡбахә аҳәара ҳҭахӡамызт, аха ҳаԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш ҳаналацәажәоз, урҭ рыӡбахәгьы налаҳҵон: урҭ хьымӡӷ рымаӡам, иԥхамшьаӡакәа афырҳәа иаагьежьуеит. Игьежьуеит акәым, рыԥсы шьаны, рмал, дара рҽеибыҭан ихынҳәуеит, инеингьы ҟәардә татақәак инарынтәалоит, иминистрцәахоит. Ҳара аибашьра иацәынхаз ҳкараха ҳааԥсаны, ҳамчымхахашт, аӡәы дыбжахоит, егьи ихы дзахәом, даҽаӡәы - абахҭа, ма анаркотик… Убарҭ рыкреслоқәеи, рҭыԥқәеи, рмали рзы ҳара-ҳара ҳаибашьуагьы жәбап ҳҳәон...

Агәалашәара зегьы ирыцкуп

Иаҳгәалашәаразы, мамзаргьы ус акәым зҳәо рзы, иаазгоит нанҳәа 16, 1993 шықәсазы аԥшыхәратә рота аибашьцәа гәыԥҩык реицәажәараҟнынтә иҳагу-иҳабзоу, ҳшыҟалаша иахьалацәажәо цыԥҵәахақәак. Ҭали Џьапуаԥҳа иҭылхуеит Аҩада Ешыра аресторан аҟны, асааҭ 22 рзы.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Ахалдаба ахақәиҭтәра иазкны

Ари аибашьра аԥхьатәи амш инаркны Аҩада Ешыратәи 2-тәи абаталион ҳәа изышьҭаз, ажәыларақәа зегьы ирылахәыз зҩызцәа рыбжаҩык ҭахахьоу еибашьцәоуп. Уажәы еиҟәшаны рыхәҭак Мрагыларатәи афронт ахь ишьҭуп, иаанхаз аԥшыхәратә рота ҳәа еиҿкаауп, рӷьырак 20-25 шықәса рхыҵуеит. Ааигәа рывзводк шеибгаз рыбжаҩык ҭархан, иаанхаз абжа рхы иамыхәо ахәра ӷәӷәақәа роуны ишьҭоуп. (Ицәажәоит, иӡырҩуеит: Ԥанҭиа Едик (авзвод акомандаҟаҵаҩ), Ҭырқьба Аслан, Аҩӡба Беслан, Чкок Асҭамыр, Едик Кобахьиа, Анқәаб Миша, Ладариа Алхас, Џьарсалиа Лаша, аҵыхәтәан дрыхҭыгәлоит Аҩӡба Рома (аԥшыхәратә рота акомандаҟаҵаҩ).

Едик Ԥанҭиа (иқәра маҷны жәыларацыԥхьаӡа аԥхьа дгыланы Гәымсҭа ируа дреиуоуп, ивыршьаахьоу рацәоуп, маҷк дгәамҵны иҳәоит): Шаҟа гха ҳамоуи?! Аибашьра иаалагеижьҭеи иҭахаз рҟынтә шаҟа процент ҳара ҳхарала-ҳамдыррала иҭахазеи: аӡәы машәырла абџьар ҭҟьаны, даҽаӡәы ҳара ҳмина дахаԥжәеит, егьи аҭабиа ажра даашьеит, егьи ипост аҟны дамхацәеит, мамзаргьы 30-ҩык ахьаҭахыз 500-ҩык ҳашьҭит, ма 500-ҩык ахьаҭахыз 30-ҩык наҳашьҭит, ма ахьаҵра аан ацхыраара ҳзеиҿымкааит, ус шаҟа…

© Foto / Марина БарцицЕдик Ԥанҭиа 
Аибашьҩы ихьаақәа рхьаа - аибашьра ашьҭахьтәи иԥсадгьыл аԥеиԥш - Sputnik Аҧсны
Едик Ԥанҭиа 

Ас аибахьчара ҳамамкәа иауама?! Ихьаҳаршшаауеит ҳәа ҳаҿуп, аха ус иауӡом. Уаҵәы дырҩегьых имыриашаӡакәа иҟаҳҵац ҟаҳҵоит. Ианҳадырҵалак, еиҳа иахьеицәоу ахырӷәӷәарҭа ишаҳдыруа ҳажәлоит, избанзар ҳара-ҳара ҳазкеибажьуам, ҳшәыргәындоушәа ҳҟамларц азы. Сара сгәы бжьажьозар, егьигьы иус изынагӡаӡом, узвагылоу амч иуҭоит, уаргьы уҩыза ижәҩахырла уӷәӷәоуп. Еиҳа изызгәаатәыда? Ишызбоз, иаҳхыччо, ашәа ҳәо ихәыз ҳҩызцәа ирхагыланы, иргәыдҵаны изшьуаз ақырҭқәа ракәу (урҭ дара ртәы ҟарҵон), сара стәқәа (иҳашьҭагыланы иааиуаз, иҩны ицаз) ракәу?! Зегьы рзы исҳәом аха…

Асҭамыр Чкок: Аибашьра алагаанӡа аӡәы ишьапы ԥҵәар, ма авариала ахәышәтәырҭа дҭашәар, 200-ҩык ауаа адеизалон уа. Уажәы закәытә ҷкәынцәоузеи иҭахо, ҳгәы акы налакьакьоит ауп, инаҳхысуеит (уашьҭантәи дызусҭоу уздырӡом азы, уара уакәзаргьы ҟалоит - МБ).

© Foto / Марина БарцицАсҭамыр Чкок
Аибашьҩы ихьаақәа рхьаа - аибашьра ашьҭахьтәи иԥсадгьыл аԥеиԥш - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Чкок

Беслан Аҩӡба: Ахәыцха аамҭа ҳамамзар? (Времени что ли нет подумать… Честно говоря, мы стараемся не думать (о своем будущем - МБ).

Едик Ԥанҭиа: …Нас, уашьҭан, уаҩҵас аԥсҭазаара ауп иаҳҭаху, аха ижәбап знымзар зны ҳшьамхнышгылан ҳҟарҵоит, зехьынџьара иҳақәыӷәӷәалоит, зегь ҳхарартәлоит… (...жить просто по-человечески, хотя бы не нуждаться ни в чем. Но это не получится. Опять-таки нас будут притеснять со всех сторон, опять-таки мы, как и сейчас находимся, и дальше будем самыми крайними, это единственное, что я знаю). Шаҟа ҳақәԥалои? Аибашьра цоит, иреиӷьу аҷкәынцәа ҳацәҭахоит. Ари дыршьып, уара уҭаркып, егьи дахәыртәып…

Беслан Аҩӡба: Убас аамҭа ааиуеит, ҳазҿагылан ҳзабашьуа ҳзымдыруа, ҳаӷа дахьыҟоу, ҳҩыза дахьыҟоу, ҳазқәа зеиҳархо дарбан. Иназыгӡо роуп иаҳбо, идзырҟаҵо даҳбарҭахаӡом. Урҭ ҳаӷацәа иахьагьы иҳаӷацәоуп, иахьа иаҳбоит, аха нас…

Рома Аҩӡба (акомандаҟаҵаҩ): Ҳаззеибашьуа ҳдыруеит: ҳаԥсадгьыл, ҳажәлар, ҳҭаацәарақәа… Асааҭ ҩба рыбжа ҟалеит, 4:30 рзы адҵа анагӡара ҳдәықәлоит, шәиа!

Аҭак  ирҭоит ацәа ҳазхоит, ҳәа.

Иацырҵоит реицәажәара: Урыстәылаҟа ицаз рзы "урҭ уажәы ҳара ҳархашшаауеит, иҳахьчоит, нас аиҳабыра ирыхьчалоит (Сейчас мы защищаем их (дезертиров), а потом уже власть будет их защищать).

Аслан Ҭырқьба: Узымеибашьи ҳәа ауаҩы ҽԥныҳәа сызиҭом, иҟоуп процентла ауаа аибашьра зылшо. Излымшо хык ааникылоит ҳәа акгьы даԥсаӡам, ааҵәеиԥш дсыцны акгьы даԥсам. Уажәы саргьы аума ҟасҵо ҳәа акәӡам, саргьы аӡәы сишьҭалан сцоит. Аха аибашьра иацәыбналаз иҭыԥ идыруазааит ҳәа ауп изысҳәо. Дзыԥсоу идыруазааит, дызусҭоу, дысхыҳәҳәошәа иҽыҟаимҵааит, ҳаҭыр зқәу ауаа ахьгылоу ирҟәышуашәа акәымкәа, иҭыԥ идыруазааит.

© Foto / Марина БарцицАргәын Игор, Демырџьиԥа Зураб, Ҭырқьба Аслан
Аибашьҩы ихьаақәа рхьаа - аибашьра ашьҭахьтәи иԥсадгьыл аԥеиԥш - Sputnik Аҧсны
Аргәын Игор, Демырџьиԥа Зураб, Ҭырқьба Аслан

Едик Ԥанҭиа: Уаҵәы, аибашьра анеилгалакь ҳҩызцәа шаҟаҩы ахәрақәа змоу ҳҟалои? Амалгьы, аԥарагьы ҳауӡом урҭ рыцхырааразы. Иабааҳго, ӷьычра ҳцома?! Аӡә ус далагаргьы, дҭаркып, нас уара уиашара збода? Ҳмеибашьып сымҳәаӡеит, еибашьтәуп, аха ҳаибахьчароуп.

Ҳхьамҵроуп аха, "ураа, ԥхьаҟа!" рҳәацԥхьаӡа, ҳаҩны ҳдәықәлоит, аха хшыҩла, дыррала ҳаибашьыроуп, уаанӡа иҟаҳҵахьаз ҳагхақәа ҳахәшьадроуп. Дырҩегь исҳәоит, иҳавагылаз рцәыӡра ҳаҿуп. Хаҭала сара аханатә исывагылаз, исзааигәаз зегьы сцәыӡхьеит. Шәгәы иалымсын, шәаргьы сҩызцәа исывагылоу шәоуп аха, урҭ аханатә издыруаз, сызцыз ҭахахьеит, иҟаӡам иахьа. Ахара иҟоу зынӡагьы иалаӡам, сааигәа исымбаӡеит, урҭ срылацәажәаӡом.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Аҟәа ахақәиҭтәразы излагаз ажәылара иазкны

Ицатәуп анырҳәалакь, дырҩегь ҳагхақәа мыриашаӡакәа ҳдәықәлоит. Аибашьраҿтәи агха, ииашам адҵа, ишәамкәа-изамкәа ақәылара аплан, баша гхак – уи зегь џьоук рыԥсҭазаарала ахә шәоуп, уи  баша гхаӡам. Адҵа анҳарҭалакь, ҳцоит, шаҟантәы ишиашам дырны ҳцеи, ицатәуп, ҳҩызцәа ахьцо ҳцароуп, ҳрывагылазароуп ҳәа. Уара уцоит, ани дцоит, сара сышԥаангыло ҳәа ҳҿынаҳхахуеит. …Аибашьра цоит, ииашоуп-ииашам ҳәа ахәыцха ҳамаӡам, иҳадырҵаз адҵа нагӡатәуп ҳҳәоит. Ҳагьҭахоит...

Ииашам, агха змоу уиашам ҳәа иаҳҳәалароуп. Ҳалақәа хаҳамҩароуп. Уи дышьтәуп, ма дыпҟатәуп сымҳәаӡеит. Аха ииашам дышиашам иаҳәалатәуп, дышиашам ирбалатәуп. Акгьы ҟамлазшәа иаҩсра аҭахӡам. Акгьы ҟамлазшәа, иҳамбазшәа ҟаҳамҵалароуп. Иҳадымгылаз, ҳааныжьны ицаз иакәзар, уи амҩа иҭатәӡам, иҭыԥ ирдыртәуп. Ҳаибашаҭацәоит. Сара сзыҳәа уи ԥсык диҩызоуп, дыҟа-дыҟамгьы акоуп. Аха ҳанеиԥылалакь, аԥсшәа еибаҳҳәоит, дагьгәыдыскылоит, сара снерв сымфарц (чтобы лишний раз себе нервы не портить).

Сара сакәзар, ари  сара сыԥсҭазаара ауп, изысҭаху инысхып, слахьынҵа сара исыӡбоит (распоряжаюсь как хочу),  сызҭахо здыруеит. 

Асҭамыр Чкок: Зегь рҭыԥ аҿы иааип (утрясется все). Сара исзыриашом зегьы. Ҳаибганы ҳанхар, ирҭаху ҟарҵааит. Ҳара ҳус ҟаҳҵеит, ихадоу – ахақәиҭра, аҭынчра, аиааира агароуп. Хаҭала аиааира ашьҭахь Урыстәылаҟа сцоит. Ҳамаха-ҳашьаха еибгазар, ҳхы, ҳҭаацәа ршьапы иқәҳаргыларатәы, иныҟәаҳгаратәы ҳаҟоуп.

Лаша Џьарсалиа: Сара абра ацхыраара сҭаххар, ауадаҩра сақәшәар, уара Урыстәыла утәазаауама уааԥшуа? Иахьа аҩны ҩаха-ҩымш ҳзаанхаӡом, ҳагәхьааибагоит, ҳаихӡыӡаауеит, арахь иҳахоит, ҳаиханы Ешыраҟа ҳдәықәлоит. Сара ус сгәы каҳаны сыԥшӡом саԥхьаҟа, абри иаҳгәамԥхо зегьы ҳаҿагылалароуп, иҳариашалароуп ҳусқәа.

Аслан Ҭырқьба: Издыруа акоуп: ҳара зегьы аӡәк иеиԥш абџьар шьҭаҳхыр, ҳаидгылар, абрысҟаҩык ҳашьцәа ҳацәҭахаӡомызт…

16.08.1993. Аҩада Ешыра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0