Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи

© Sputnik / Илона ХварцкияАсалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи
Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩажәатәи ашәышықәса иацымҩасыз инапылаҩыроу асалам шәҟәқәа репохеи, урҭ рыҩреи рзыԥшреи иацыз ацәанырра лыԥшаахқәеи дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аҵыхәтәаны напҩырала еиқәыршәаз асалам шәҟәқәа соуан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭази, ианеилга ашьҭахь шықәсык налаҵаны. Раԥхьаӡа сара исызкыз асалам шәҟәқәа аауа иалагеит Кәтол ашкол санҭаз, аиҳабыратәи аклассқәа рҿы сантәаз. Усҟан аҽырбара уамак сазҟазамызт аҟынтә, сара исзаауаз ашәҟәқәа сашьцәа аррантәи иаарышьҭуаз акәын.

Шьыдгәа Агрба исалам шәҟәы - Sputnik Аҧсны
"Сыԥсы ҭоуп, хар сымам": салам шәҟәык аҭоурых

СССР ахаан апочта аус ибзианы еиҿкаан, ақыҭаҿы инхоз ауаа илырҩаауаз агазеҭқәеи ажурналқәеи еиԥҟьарада ирызнаргон. Абарҭ инарҷыданы, усҟан аинтернети амобилтә еимадареи злаҟамыз ала, еицәыхараны инхоз ауаа аимадара рыбжьан салам шәҟәыла. Есыхәылбыҽха апочтаныҟәгаҩ ҳгәашә даалагылон, уи ирлас-ырлас инижьуаз акорреспонденциа асалам шәҟәқәа анрыцыз ыҟан.

Сашьцәа аррантәи исзырыҩуаз ашәҟәқәа сыбжьы рдуны сани сандуи сырзаԥхьар акәын, уи ашьҭахь, саргьы уи аҭак ҩны ақыҭа агәаны икнаҳаз асалам шәҟәқәа зҭарҵоз аиашьыкь инҭасыршәуан. Абасала, усҟан ауаа напҩырала аицәажәара рыбжьан, иахьатәи аамҭазтәи иласӡоу аинтерент чатқәа рыла еибаҳҳәо аҵкысгьы акыр аҵакы аманы, акыр гәыблыла ишьақәгылан. Саныҩеидас, астудентра ашҭа санынҭала нахыс, исоуа салагеит аромантикатә цәаҩа зыҟәныз, абзиабаратә мотивқәа зцыз асалам шәҟәқәагьы. Уажәы счақьмаџьа иҭаҵәахны исымоу асалам шәҟәқәа рархив аҿы исԥыло ацәаҳәақәа ақәыԥшра гәхьаагара ду зцу гәалашәароуп, шамахагьы иаасыртӡом дара.

© Sputnik / Илона ХварцкияАсалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи
Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи - Sputnik Аҧсны
Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи

Абар атеатртә институт аҩбатәи акурс аҿы сантәаз ажәанҵара иасимволыз асалам шәҟәқәа руак ацыԥҵәаха: "Аха ибысҭоит хыԥашьа змам зҵаарак: бхы зқәыбкыз буси сареи ҳәа аԥсҭазаара ибыднаҵар, иалыбхуада? Убриаҟара иӷәӷәоума бцәанырра, сара сыхьӡала егьырҭ зегь мап рцәыбкыртә еиԥш? Сара ианакәызаалак схәыцра ус иҟоуп: ауаҩы иразҟы ихатә гәаԥхарала, хақәиҭрала иӡбуазар ауп. Уи ахақәиҭра бара ибтәуп. Абарҭ азҵаарақәа рҭак ииашаны, иҵабыргыҵәҟьаны исмаҳакәа, сара сгәы хыстыр сҭахым. Наҟ-наҟ иҟало сыздыруам, аха бара ибеиԥшу аԥҳәызба лылаԥш ахьсықәшәаз мацарагьы сара акыр исзаԥсоуп". Исыздыруам иахьатәи аҭыԥхацәа ироуама абас гхада, ԥсышәа бзиала иҩу асалам шәҟәқәа, аха сара сқәыԥшра аамҭазы абас иҟан. Уи азоуп дара асалам шәҟәқәа аромантика иасимволны рыԥсы зеиқәхазгьы.

Переписка репатрианта Орхана Ашамба с абхазской интеллигенцией - Sputnik Аҧсны
Зеррин Шамԥҳа: сысалам шәҟәқәа аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

Исоуан иара убас, адныҳәалатә ҟазшьа змаз, сахьала еибыҭаз ақьааадлых дыргақәа. Уи открытка ҳәа иашьҭан урысшәала. Уаҟа ианыз асахьа, иааираны иҟаз аныҳәа анубаалон. Уажә саԥхьа иқәуп атеатртә институт аректор, сырҵаҩы Е. Гугушвили аҵара саналга ашьҭахь Март 8 шсыдылныҳәалоз зыршаҳаҭуа асахьаԥшӡа, уа иануп абас: "Дорогая Элеонора, поздравляю тебя с праздником 8 марта, желаю тебе радости, счастья и душевного равновесия, хотя это последнее, вероятно трудно достигается…".

© SputnikАсалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи
Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи - Sputnik Аҧсны
Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи

Усҟантәи аамҭазы ҩнаҭацыԥхьаӡа икнаҳан асалам шәҟәқәа зҭадыршәуаз аиашьыкьқәа, иара убас, ақалақь аҿы ана-ара иуԥылон ашәҟәқәа зҭадыршәуаз. Сара еснагь сазыԥшын асалам шәҟәы, убри аҟынтә, сахьынхозаалак, аҩны сыҩналаанӡа схьаԥшуан асалам шәҟәқәа зҭадыршәуаз акыр ҭоума ҳәа. Иазгәасҭарц сҭахуп, усҟантәи асалам шәҟәқәа равторцәа, ирыҩуаз шамаха агха шарымҭоз, рлексика акыр ихыркын, уи зыхҟьоз, усҟан аҩреи аԥхьареи ашколқәа рҿы акыр игәцаракны иахьрымаз акәзаргьы ҟаларын. Иахьа, ауаа еиҳаракгьы аинтерент ахархәарала еигәныҩуеит, абыржә иуҩуа иаразнак изызкыу иоуеит, насгьы, уҩышьа уамак уацкламԥшыргьы ҟалоит, иззыуҩуагьы усоуп, ажәакала иааихьшьны ҳаҩуа ҳалагеит, убри алагьы аҩыратә культура акыр ихьысҳахеит. Иахьа ажәытәтәи сысалам шәҟәқәа санрылаԥшаауа сгәы нҭыԥсаауеит, убриаҟара агәыбылра рыцуп исзызҩуаз аҩызцәеи аҭынхацәеи ргәаларшәара. Шамаха ицәырсымго сқьадқәа реилаҳәара иасыртыцыԥхьаӡа уаанӡа игәасымҭоз абӷьыц кәамҟьақәа збоит:

© SputnikАсалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи
Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи - Sputnik Аҧсны
Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи

"Люблю я твой профиль острый,

И блеск задумчивых глаз,

О, был бы я юношей шустрым,

Умчал бы в горы сейчас…"

Абарҭ аԥшьцәаҳәак, даҽазныкгьы ииасхьоу аамҭа иацу хьааны ихьухьууа сааимырдоит. Усҟантәи аамҭазы ажәеинраалақәа рыла аимадара модан, абар уи зыршаҳаҭуа, аибашьра иалагаанӡа атеатр аҿы арежиссиор ицхырааҩс иҟаз сҩыза Ричард Ҷкадуа ихаҭа ихашҭхьоу ицәаҳәақәа зну ақьаад иаҳәо:

Заснеженная аллея на Воробьевых горах во время снегопада - Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара, аԥсҭазаара…

"Театр — ярмарка страстей, чего здесь только нет, напитки лжи и лицемерия".

Аибашьра анцоз аамҭазы исоуаз ашәҟәқәа маҷмызт, исзаауан Белоруссиантәи, Украинантәи, иара убас Аԥсны Мрагыларатәи афрнт аҟынтә. Минск инхоз сҩыза В. Голубев аибашьра ианалагаз исзиҩуан: "Надеюсь, что мои письма найдут тебя. Я тоже переживаю, что так сделали с Абхазией, но надеюсь, что все еще как-то обойдется…". Зегь реиҳа иахьа сзырлахҿыхуа салам шәҟәуп, амедика-санитартә баталион салалеит ҳәа анлаҳа "бара аибашьра былшома" ҳәа исацәҳаз саҳәшьа Ира, анаҩс, аӡәы инапала афронт ахь исзыналышьҭыз.

"Игәыҭшьаагахеит амшқәа! Саҳәшьа Крерри, (лара ус салҳәалон — Е. К.) бысцәымгәаан, зегь банасыжьуеит, сгәы бҭамзар ибзаасхәозма аиԥка? Мап". Анаҩс, уи аҵаҟа иануп лара лтәала жәеинраалатә формала ианылҵаз ажәа лыԥшаахқәа:

© SputnikАсалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи
Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи - Sputnik Аҧсны
Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи

"Бзиа бсымбар сабацари

Саҳәшьа бзиа, аԥшӡа,

Ҵиҵи-кәакәа ҟалҵаӡом,

Аиҵарҟәаҟәа лаҭәалшьом….

Аҭынчра!"

Ажьырныҳәа 25 рзы Владимир Высоцки ихыҵуазаарын 79 шықәса - Sputnik Аҧсны
Марина Влади лшьали Аԥснытәи Высоцки иажәеинраалақәеи

Анаҩс, саҳәшьа ԥшӡа аибашьра анеилга раԥхьатәи аамҭазы лыԥҳа Нальчик аҵара лҵон аҟынтә, уа аусра далагеит, убрантә абас лыҩуан: "Аусура бҭыҵзар бзиоуп, аибашьра иалагаргьы хыхь бахьыҟаз (афронт — Е. К.) сцоит ҳәа баламган. Аусура сшалагаз усгьы ибасҳәахьан. Амаҭәа бзиақәа аасхәарц сҭахуп схы азы, бсыҵамшьыцын сџьабаа цәгьоуп, акагьы бақәымгәыӷгәышьан". Ари зыҩуаз саҳәшьа Ира, еснагь сара сзы амаҭәа-аҩыҭә аахәара дашьҭан, аха ашәҟәы ишысгәаланаршәо ала, лхы дашьҭаларц лыӡбеит, уи ауп "акгьы бақәымгәыӷын" ҳәа лафшақә изылыҩуаз. Иаҳхысыз аибашьразы исоуаз ашәҟәқәа рыбжьара исыԥшааит Гәдоуҭаҟа снеиаанӡа сҩыза Марина Барцыцԥҳа Мрагылараҟа исзылҩыз: "Елеонора, бгәабзиара шԥаҟоу, бҽырӷәӷәаны быҟазароуп, аибашьра хлымӡаах еицәоу уаҳа акгьы ҳамбозар акәхап. Иахьынӡауа еибгоу ҳаӷәӷәазароуп…".

© Sputnik / Илона ХварцкияАсалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи
Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи - Sputnik Аҧсны
Асалам шәҟәқәеи аромантикатә аамҭеи

R.S: Иахьатәи сколумнизм амыцхә иаартцәазаргьы, зегь акоуп исҭахын иқәыԥшу абиԥара анкьатәи аамҭа аромантика агьама рбарц, убарҭ роуп ари анҵамҭа ззыскуагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0