Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа арыцхә рылаҳәоуп

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара ацеремониа
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 8 рзы имҩаԥысит Аԥсны ахадарахьы алхрақәа аҩбатәи ртур. Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 47,39% алхыҩцәа, иоппонент Алхас Кәыҵниа изы – 46,17% .

АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит жьҭаара 9 рзы. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазааицҳаит ҿыц иалху Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Аслан Барцыц.

"Ишдыру еиԥш, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа иазханаҵеит имҩаԥысыз алхрақәа рзы Аԥсны АКХ иҟанаҵаз аихшьаалақәа азакәаншьаҭа рымоуп ҳәа", - иҳәеит иара.

Аслан Барцыц иазгәеиҭеит атәыла ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара амҩаԥгаразы ауснагӡатәқәа рҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа.

Здание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ мап ацәнакит

Цәыббра 8 рзы имҩаԥысит Аԥсны ахадарахьы алхрақәа аҩбатәи ртур. Уи аихшьаалақәа рыла Аԥсны ахадас далхуп Рауль Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба 47,39% абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Алхас Кәыҵниа иштаб цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит Аԥсны АКХ аӡбамҭа азакәан иахьынӡақәшәо агәаҭаразы. Избанзар аоппозициаа ргәаанагарала аиааира згаз акандидат изы абжьқәа рхыԥхьаӡара еиҳазароуп егьи акандидат изи зегьы ирҿагылоуи абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аасҭа.

Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа АКХ алхрақәа рылҵшәақәа рзы аӡбамҭа аганахьала ишшыԥхьыӡ мап ацәнакит. 

Азашшҩы идукат Инга Габилаиа ажурналистцәа иралҳәеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ишазашшуа иақәнагоу аинстанциаҟны. Убри аан Алхас Кәыҵниа идгылаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаҵо, иҳәеит хара имгакәа аоппозициа аизара ду мҩаԥганы, ԥхьаҟатәи ршьаҿақәа шрыларҳәо.

Ажәабжьқәа зегьы
0