Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "Аԥра" "МИР" иалахәхоит

© Sputnik / Илона ХварцкияКарты "Апра"
Карты Апра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Урыстәылеи рмилаҭтә ԥарашәаратә системақәа рыбжьара аинырразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2018 шықәса ԥхынгәы 11 рзы.

АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "Аԥра" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "МИР" иалахәхоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Иара иҳәеит "Аԥреи" "Мири" реинырра шалшаз 2018 шықәса ԥхынгәы 11 рзы анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра абзоурала.

""Аԥра" ахархәара аиуеит уажәшьҭарнахыс Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Ермантәыла реиԥш егьырҭ атәылақәа рҟынгьы уа ахсаалага "Мир" аус ауазар. Ари ҳара иаҳнаҭоит алшара ареспублика анҭыҵгьы абанкоматқәа рҿы аԥараиура. Ари ауааԥсыра рзы ишьахәу ҭагылазаашьоуп. Урыстәылатәи ахсаалагақәа раахәара аҭаххара аԥнахуеит", - иҳәеит Бараҭелиа.

Бараҭелиа иазгәеиҭеит аԥснытәи ахсаалагақәа змоу рзы акомиссиа ашәара шаҭахымхо аԥарашәараан, абанкоматқәа рҟынтәи аԥара анҭырго 2% ишреиҳамхо.

Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа иҳәеит иахьазы Аԥсны атәылауаа шә-нызқь рҟынӡа хсаалага шрымоу. Аха аҳәаанырцә ахархәаразы урҭ ԥсахтәуп "Аԥра World" ала ҳәа. Ареспублика акоммерциатә банкқәа урҭ рҭыжьра иалагоит 2019 шықәса жьҭаарамза инаркны.

Карта Апра - Sputnik Аҧсны
"Аԥра" Урыстәылагьы аус аурцаз аилацәажәарақәа цоит

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аклиентцәа рзы ахсаалагақәа хәыда-ԥсада иԥсаххоит, егьырҭ акоммерциатә банкқәа рҿы макьаназ еилкаам.

Абанктә хсаалага ҿыц роуаанӡа ахархәара аамҭа нымҵәацзар ажәыәт хсаалага рхы иадырхәар рылшоит ауааԥсыра.

Бараҭелиа иазгәеиҭеит "Аԥреи" "МИРи" реинырра актәи аетап шазырхаз урыстәылатәи ахсаалагақәа Аԥсны рхархәара. "МИР" змоу Урыстәыла атәылауаа Аԥсны ирылшон абанкоматқәа рҟынтәи рԥара аҭгара.

Аамҭақәак рышьҭахь "МИР" иалшоит "VISA", "Master Card" раԥыжәара. Абри аус аганахь ала хышықәса инарзынаԥшуа аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа ирҿын.

"Мир" — урыстәылатәи амилаҭтә ԥарашәаратә системоуп. Аԥарашәара мҩаԥысуеит амилаҭтә валиута ала.

Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система АԤРА аԥҵан 2012 шықәса рзы, ҳаамҭазтәи абанктә маҵзурақәа рхархәарази аԥарашәаратә инфраструктура аизырҳарази.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0