Рауль Ҳаџьымба Владислав Арӡынба анышә дахьамадо аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

© Foto / presidentofabkhazia.orgРауль Ҳаџьымба Владислав Арӡынба анышә дахьамадо аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит
Рауль Ҳаџьымба Владислав Арӡынба анышә дахьамадо аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 9 асааҭ 12:00 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәаратә зал ду аҿы.

АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи ахада ихаҭыԥуаҩ Аслан Барцыци жьҭаара 9 рзы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадо аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа ааиртуеит Апарламент аиҳабы, нас ажәа ииҭоит ҿыц иалху атәыла ахада. Атәыла ахада аԥсышәала аҭоуба шьҭеиҵоит ижәлар рҿаԥхьа. Ахьыӡрашәа ангалак ашьҭахь ахада инапы иаркхоит– аштандарт, амҳәыр, алабашьа, аҳәа.

Аԥсны раԥхьаӡа акәны атәыла ахада иҭоубашьҭаҵара мҩаԥган 25 шықәса раԥхьа.

Аԥсны раԥхьатәи ахада ҳәа ихьӡ ҳәан Владислав Арӡынба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0