"Аӷа" иавиациа урыстәылатәи абаза аобиектқәа изырԥырхагамхеит

© Foto / Пресс-служба ЮВО"Аӷа" иавиациа урыстәылатәи абаза аобиектқәа изырԥырхагамхеит
Аӷа иавиациа урыстәылатәи абаза аобиектқәа изырԥырхагамхеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Аԥсны арратә база аҳауаҽацәыхьчаратә ҟәша ахархәагақәа рыла. Азенит-ракетатә комплексқәа имҩаԥыргеит ажәыларанкылара.

АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база азенит-ракетатә ҟәшақәа реилазаара "аӷа" иавиациа ажәылара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Учения ЮВО - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аԥшыхәыҩцәа "аӷа" илагер иаалырҟьаны ирымпыҵархалеит

Азенит-ракетатә комплексқәа имҩаԥыргеит ажәыларанкылара.

Аруаа аимадареи анапхгараҭареи рсистема еиҿыркааит, атехника ажәылара иаздырхиеит, аҳауатә цәҟьарақәа мҩаԥыргеит "аӷа" арадиоԥырхагара шыҟаиҵозгьы.

Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, 50 ак арратә техника - С-300 "Фаворит", "Оса-АКМ", "Стрела-10" , ЗРК "Игла" реиԥш иҟоу алархәны.

Ажәабжьқәа зегьы
0