2018 шықәса иаҿырԥшны ацитрустә шәырқәа рекспорт абжаранӡа еиҵоуп

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраацитрустә шәырқәа
ацитрустә шәырқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы иазыԥхьагәанаҭоит 2019 шықәса рзы амандаринақәа рекспорт 20 нызқь тонна рҟынӡа инаӡап ҳәа. Иахьазы бжьаратәла амандаринақәа рыхәԥса 22 - 25 мааҭ артәоит.

АҞӘА, абҵара 7 — Sputnik. Урыстәылаҟа Аԥснынтәи амандаринақәа ралагалара мҩаԥысуеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟынтәи. Уажәы уи аиасра ииасыз ашықәс иаҿырԥшны ҩынтәны еиҵоуп.

Аҳазалхратә усбарҭа адыррақәа рыла ихацыркуп "амандаринатә сезон". Ацитрустә шәырқәа раԥхьатәи апартиақәа агәыларатә республикахь ииарго иалагеит жьҭаарамза алагамҭазы. Иахьазы ашәҟәы иҭагалоуп 150 тонна аалыҵ. Уахыки-ҽнаки рыла ашәҟәы иҭаргалоит 10 тоннак рҟынӡа ацитрустә шәыр.

"2018 шықәса иаҿырԥшны ацитрустә шәырқәа рекспорт абжаранӡа еиҵоуп. 2018 шықәса абри аамҭазы аҳәаа иахыргахьан 300 тонна ацитрусқәа. Уахыки-ҽнаки рылагьы ашәҟәы иҭаргалон 20 тонна амандарина", - аҳәоит адырраҭараҿы.

2018 шықәса "амандаринатә сезон" аихшьаалақәа инарықәыршәаны жьҭаара-жәабранмза ирылагӡаны аҳәаа иахыган 37 000 тонн ацитрус шәырқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0