Аԥсуа спортсменцәа алахәхоит анапышьашәалатә қәԥарақәа рзы адунеи ахраҿа аиура

© Foto / @enriagrbaЭнри Агрба
Энри Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиныррала анапышьашәалатә қәԥарақәа рзы XI адунеи Ахраҿа FCF-MMA мҩаԥысуеит абҵара 16-17 рзы Кисловодск.

АҞӘА, абҵара 8– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа спортсменцәа Енри Агрбеи Ҭамаз Тарбеи алахәхоит еиныррала анапышьашәалатә қәԥарақәа рзы XI адунеи Ахраҿа FCF-MMA агаразы ақәгылара. Еиныррала анапышьашәалатә қәԥарақәа рзы XI адунеи Ахраҿа FCF-MMA мҩаԥысуеит абҵара 16-17 рзы Кисловодск ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Енри Агрба иазыҟаҵаҩ Асҭамыр Арсҭаа.

"Ҭамаз Ҭарба 28 шықәса ихыҵуеит, Шәача аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигоит. 61 кьыла иҟоу рыбжьара дықәгылоит. Енри Агрба 77 кьыла иҟоу рыбжьара дықәгылоит. Ҭамаз уажә икапан иагирхоит", - иҳәоит азыҟаҵаҩ.

Аԥсуа спортсменцәа ирындаҭлараны иҟоу рыхьӡқәа рҳәоит абҵара 16 рзы аҵәҭаԥсарашьҭахь.

"Абҵара 16 рзы Кисловодск ҳнеиуеит. Иара убри аҽны имҩаԥгахоит аҵәҭаԥсареи акапангәаҭареи. Аицлабрақәа ирылахәхар ҟалоит Франциа, Киргизиа, Таџьикистан уҳәа атәылақәа рҟынтәи акомандақәа", - иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Энри Агрба - Sputnik Аҧсны
Енри Агрба еилаԥсоу аиқәԥаразы атурнир далахәхоит

Асҭамыр Арсҭаа иажәақәа рыла, Енри Агрбеи Ҭамаз Ҭарбеи аиааира рыгәҭакуп.

Енри Агрба еилаԥсоу ақәԥарақәа рзы жәларбжьаратәи атурнир Fight Nights Global аҿы Ислам Картлыков диҵахеит.

"Енри Агрба атурнир аҿы адунеи ачемпион ихьӡала дықәгылоит убри азы ититул ихьчароуп. Ҵыԥх адунеи ачемпионат аҿы Ахраҿаз аиааира игеит", - иҳәоит Асҭамыр Арсҭаа.

Атурнир FCF-MMA – иахықәкуп иреиӷьу аспортсменцәа ралкаара. Атурнир аиҿкааҩ: еиныррала напышьашәалатәи ақәԥара Афедерациа IF FCF.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0