АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. Абҵарамза 12 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳәынҭқарратә усбарҭақәа реиҳабацәа рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
"Иаҭазааит:
Аҳәба Адамыр Мирон-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.
Агрба Ҭемыр Михаил-иԥа - Аргыларазы Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.
Ашьхацаа Анзор Николаи-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Абнатә нхамҩазы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.
Ӷәынџьиа Роман Ҳақыбеи-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә маҵзура аиҳабыс.
Габлиа Рабсҭан Иуана-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Афымцамчи, атранспорти, аимадареи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.
Амқәаб Игор Владимир-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Архитектуреи, ақалақьргылареи, анхарҭа-коммуналтә нхамҩеи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.
Ҷыҭанаа Савели Михаил-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекологиеи, аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.
Џьопуа Роман Владимир-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабыс.
Џьынџьиа Аркади Ҷыҷыкәа-иԥа – Аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабыс."
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Марина Ԥлиаԥҳа аиустициа аминистрс дҟаҵоуп
-
Аԥыза-министр Аԥсны аиҳабыра реиҭеиҿкааразы ақәҵара инапы аҵеиҩит