АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аделегациа алахәуп Уфа имҩаԥысуа атуриндустриа афорум ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит "Атуризм аԥснытәи аидгыла" анапхгаҩы Анна Калиагина.
Башкириа аҳҭнықалақь Уфа имҩаԥысеит атуриндустриа афоруми ацәыргақәҵеи абҵара 13 -16 рзы.
"Асеиԥш аиԥыларақәа ирылдыршоит апроблематә зҵаарақәа рыӡбара. Афорум аҿы иалацәажәан Уфеи Аҟәеи рлогистика атема, аҭаацәаратә турқәа рымҩаԥгара", - еиҭалҳәоит Калиагина.
Лара иазгәалҭеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ишеиҿнакааз астенд. Арахь ицәырган аҭыԥантәи аалыҵ – аҩы, аџьыка.
"Ҳџьыка ара хьӡы агеит. Хьӡы ргеит ҳаҩқәагьы. Ауаа азҵаара рацәа ҳарҭеит. Ҳара аҽазныкгьы агәра аагеит Аԥсны аӡбахә анҭыҵ ишрыларҵәалатәу", - лҳәеит Анна Калиагина.
Башкириатәи арегионалтә ҟәша "Опора России" анапхгаҩы Лиаисан Николаева аԥсуа делегациа ирзеиҿылкааит атуроператорцәеи атурагентцәеи рԥылара. Еиҳа излацәажәоз теман иҟалеит алогистика, лҳәеит Калиагина.
Аԥснытәи аделегациа Уфаҟа рцара еиҿыркааит акурортқәеи атуризми рзы Аҳәынҭеилаки Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Гәынба еиҭеиҳәеит Уфа атуристтә форум аҟны Аԥсны аганахьала аҳәарас иҟарҵаз
-
2018 шықәса иаҿырԥшны сынтәа атуристцәа рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳахеит