Аԥсны тоннак аҟынӡа амармалташь пты еизыргахьеит

Анапаҵаҩра
Апты аизгара мҩаԥыслоит ашықәс нҵәаанӡа. Уаанӡеиԥш уажәгьы кьылак апты азы зықьмааҭ ршәоит.

АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. Абҵарамза иалагазар тоннак рҟынӡа амармалташь пты еизыргахьеит ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩаз аҳәынҭеилакы аусзуҩ Дмитри Хагәыш.

Едуард Барганџьиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Барганџьиа Тҟәарчал апты адкыларазы: ауааԥсыра ирылаҳәоуп

"Официалла амармалташь пты аизгара ишалаго атәы рылаҳәан абҵара 1 азы. Араионқәа рхадарақәа рҟны ақыҭанхамҩатә ҟәшақәа реиҳабацәа ақыҭақәа рхадацәа ҭелла адырра рырҭеит ауснагӡатә ишалаго азы", - иҳәоит аилак аусзуҩ.

Иара иазгәеиҭеит ааԥынразгьы амармалташь пты аизгара ишаҿыз. Иара иалахәын ареспублика ауааԥсыра рацәаҩны.

"Уажәгьы ауаа активла аус рҽаларгалеит. Иҟоуп 60 - 70 кьыла апты еизызго", - иҳәеит Хагәыш.

Очамчыра абҵара 8 рзы еизыргахьан 500 кьыла апты. Тҟәарчал акәзаргьы убас.

"Ҳара апты ҳадаҳкылоит, иаҳкапануеит, нас ахә ҳшәоит. Абри ашьҭахь аконтеинер иҭаҳҵоит, амашьына анаалак иақәҵаны аполигон ахь иганы иаажуеит. Зегьы ашәҟәы иҭаагалоит", - иҳәеит иара.

Иааиуа амчыбжь азы Гал араион ахь инеираны иҟоуп акомиссиа ҳәа иҳәоит Дмитри Хагәыш.

Жәабран 27 2019 шықәса рзы Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба амармалташь пты иаҿыгыло ауснагӡатәқәа рзы адҵа инапы аҵеиҩит.

Ауснагӡатә азы абиуџьет аҟынтәи быжь-миллион мааҭ азоужьуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0