Кәыдрытәи аҩхааҿы амца ахьакыз аҭыԥ ҿыцқәа рыԥшааит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбнаҿы амца арцәара
Абнаҿы амца арцәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәеи Урыстәыла АҶА авиациа ҷыдеи ареспублика ашьхарақәа иахьрыԥну амцарцәара иаҿуп. Абҵара 19 рзы ахәылбыҽха адырра ҟарҵеит Кәыдрытәи аҩхааҿы амца ырцәоуп ҳәа.

АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Кәыдрытәи аҩхааҿы еиҭах иаарԥшу амцахыҵхырҭақәа рырцәара иаҿуп аҳаирплан-амфибиа. АҶА апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит Ҵабал амца андырцәалак ашьҭахь Ми-8 Аҟәа араион ахь амцарцәаразы инеиуеит ҳәа.

Аҩашаҽны авертолиот Ми-8 Гагра араион аҿы аус ауан, аҳаирплан Бе-200 – Кәыдрытәи аҩхаа Ҵабал ақыҭа иахьаҵанакуа. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы.

Раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи ахыҵырҭаҟны амцакра шыҟалаз АҶА аусзуҩцәа ирбеит абҵара 10 рзы. Ԥсҳәы абылреиқәырхаратә гәыԥ ахатәы мчқәа рыла идырцәарц иаҿын, аха ирылымшеит. Иара убас абнақәа былуан Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа иахьрыҵанакуа ашьхарақәа. Урҭ рхышәа-ҵышәа 11 нызқь гектар рҟынӡа инаӡоит. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан. Аԥсны АҶА Урыстәыла АҶА ахь адырра ҟарҵеит ацхыраара шырҭаху азы. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Гагратәи ахырхарҭаҿы амца арцәон авертолиот Ми-8, иара шьҭыԥрааит 45-нтә. Кәыдрытәи ахырхарҭаҿы амцарцәара мҩаԥнагон аҳаирплан Бе-200. Урыстәылаа ирыцхраауеит аҭыԥантәи амцарцәаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьарп ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0