Аӡы иаго, аҳәҳәабжь иаҳаӡом, мамзаргьы акриминал аҳра анауа

© SputnikСтрельба напротив ресторана "Сан-Ремо"
Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа- ҳаӷа ҳаииааит, аха ҳхы ҳзазымиааит, абас агәаанагара лызцәырҵит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа, Аҟәа ақьафурҭақәа руак аҟны аҭыԥ змаз ахысрақәа рышьҭахь.

Аамҭа анҳамо ԥшахьарсра ҳахьцало Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы шәарҭароуп. Аамҭа-аамҭала уаҟа иҟоу ақьафурҭақәа рҿы акриминал адых-чыхҳәа ишеидысло ҳлымҳа иааҭаслон. Азнаказы урҭ рықәнага иақәдыршәошәа ааҳаҳуеит, аха нас уи ҳхазыршҭуа даҽа хҭысқәак ҟалаанӡа, акриминал аҳра ауа ишалагаз алацәажәара ҳааҟәыҵуеит.

Апҟара - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа мораль акаҳара, мамзаргьы ҳхыхьчара акультура аҽшаԥсахыз

Зегьы, зегьы рдыруеит, хәыҭ-хәыҭ еибырҳәит, аха иаацәырганы абри аҵыхәа шыԥҵәатәу алацәажәара гәаӷьыуацәаханы иааҟалеит. Игәаӷьуацәоуп, избанзар уаԥсҵәык иҟоу акриминал атәыла дырхыџхыџуеит, амч рнапаҿы иҟоуп уҳәартәы рхы иақәиҭны инеиааиуеит.

Аиқәыԥхьаӡара ҳалагар, асиа шәҟәык иҭанагӡоит, заҟантә ҳцәа ҳҭазырӡыӡо ахҭысқәа ҟалахьо аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы. Иалкааны ҳазааҭгылахьан, арепатриант идәқьан иақәланы дызҳәынҷарц иалагаз рус гәырӡшашәарӡ ишыбжьаӡыз. Уи ҟазҵаз акриминал иалахәу ракәӡами?

Ҳашнеишнеиуаз, акриминалтә авторитетқәа рзы "иҷкәынцәа бзиақәоуп, аиаша иадгылоит" ҳәа рзызҳәозгьы ҳҟалеит, аҿар рыбжьара имаҷҩым урҭ "абзиақәа" рышьҭра ақәлара згәаԥхогьы.

Аҳәаанырцәтәи аинформациатә хархәагақәа ургәылаԥшыр иубоит 2017 шықәсазы Аԥсны "воры в законе" ҳәа изышьҭоу аиҿахысра шрымаз, иҟан ихәыз. Анаҩсангьы, Аҟәа аԥшаҳәаҿы  уи ахҟьаԥҟьақәа ирышьашәалаз напышьашәалатәи "аӷьычцәа-нагақәа" реидыслара аӡбахә ҳаҳаит, аха урҭ рҿаԥхьа имчыдахеит азакәан, уимоу, ауаажәларраҿы ирлас-ырлас ирҳәалоит "амчра зку дара роуп" ҳәа.

Акы ахьырҳәо, акы ыҟоуп, ус анакәха, акриминал аҽеимыртаӷа ҳаԥсҭазаара иалоуп, "аӷьычцәа нагақәа" ишырҭаху инеиааиуеит.

Абас ицоит аусқәа, 27 шықәса раԥхьа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ахы ахьакыз атәыла хәыҷ аҿы. Еиҳаз ҳаиааит, аха еиҵаз аҿы аҵахара ҳаҿуп. Акриминали акоррупциеи роуп иахьа ҳтәыла зхәаҽуа, пхьаҟа измышьҭуа. Рыҩбагьы ишаабо еиԥш ҿагылара дук рымам. Абас ицоит аамҭа. Аӡы иаго, аҳәхәабыжь иаҳаӡом шырҳәо еиԥш, зынӡа аҵахь ҳцаанӡа иҳахьуа ҳбаӡом.

Ахәаша, абҵара 22, 14 сааҭи 40 минуҭи рзы ишьаарҵәырахаз аамҭахеит аԥсҳа Леон имҩаҿы. Аҟәа агәаны, ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟалеит игәаӷьуацәоу ауаҩшьрақәа. Аҽнышьыбжьон, акриминалтә еибафарақәа рҟазшьа змоу ацәгьоура ҟалеит, иҭахеит ҩыџьа, аӡәы-аресторан аусзуҩ 22 шықәса зхыҵуа Доминика Ақырҭаа лыԥсҭазаара макьаназгьы ашәарҭара иҭагылоуп, даҽа хҩык ихәыз "уиаҟара ибаргәым рыхәрақәа" рҳәоит аофицалтә усбарҭақәа.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иҟалаз ахысра: иалкаау

Ақалақь агәаны иҟалаз аибашьра ажәлар ршьара иқәнарҟьеит, акәша-мыкәша аус зуаз ауаа рыла алалмбатә абеит, аҟәараҿы аныҟәара шгәаӷьыуацәахазгьы ккаӡа иааԥшит.

Ари мҩаԥысуеит "шьаҿа-шьаҿала" ԥхьаҟа ҳәа алԥхынрак агәыӷра ҳазҭоз апартиа аҳра анауа аамҭазы. Иҟалап еиҳа ииашазар, "шьаҿа-шьаҿа шьҭахьҟа", избанзар, аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи ашықәсқәа рзы иҟаз, заанкылара уадаҩыз аҭагылазаашьахьы ҳгьежьуашәа снарбоит иҟалаз сахьазхәыцуа.

Ари ахҭыс азы, амчратә усбарҭақәа еилыкка хҳәаак ҳарымҭеит ажурналистцәа, иацы телехәаԥшрала ицоз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу аоперативтә хҳәааҿы Аҟәа иҟалаз атәы зынӡагьы иамҳәеит.

Зегьы ирдыруеит  ахҭыс "аӷьычцәа- нагақәа" реибафара ишазку, аха иаахтны уи аҩыза ахьӡ амам аофициалтә усбараҭақәа рҟынтәи. "План перехват" ҳәа изышьҭоу аус шхацырку ҳаҳаит, уаҳа иаанкылоу аӡәгьы иӡбахә ҳәам, акы заҵәык, ацәгьоуцәа Депо араион аҿы рмашьына абылра ишахьӡаз ауп иаадыруа. Абжьааԥны ишыҟарҵо еиԥш, урҭ ацәгьоуцәа Қырҭтәыла аганахь ииасхьазаргьы ауеит.

Амшын аԥшаҳәаҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман: ааха зауз ахәшәтәырҭахь инагоуп - Sputnik Аҧсны
Амшын аԥшаҳәаҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман: ааха зауз ахәшәтәырҭахь инагоуп

Иацы иҟалаз ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Ашәарҭадара ахеилак аилатәара мҩаԥигеит. Еизеит, иақәыӡбеит, еснагь еиԥш "иаарласны ишәыԥшаа" ҳәа адҵа роуит. Убри инашьҭарххны амчра апартиа "Жәлар Ракзаара Афорум" аҳәамҭа ҟанаҵеит ахада идҵа ишадгыло, насгьы Жәлар реизара адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит зыԥшра ҟамҵакәа "Ашьауӷатә Кодекс аҿы зҽеиҿкааны иҟоу ацәгьоуцәеи, "воры в законе" ҳәа изышьҭоуи рҿагыларазы алагалақәа" ҟаҵазарц.

Аиаша ҳҳәозар, закәан ҳагым, аха "аӷьычцәа нагақәеи", зҽеиҿкааны иҟоу ацәгьоуцәеи рҿагыларазы ҳхьысҳахеит, мамзаргьы зынӡа иаҳҭахым, ас аҳҭнықалақь агәаны ахысра хацдыркуазар.

Ирҳәоит, дара акриминал иалоу рыԥҟарақәа рыла, ҳаҭыр ақәым аиҿахысреи, анапышьҭыхреи. Аԥсуа криминал урҭ аԥҟарақәа ирықәымныҟәозар акәхап, уи ауп акгьы зхараӡамыз, акаҳуа ықәзыргылоз, ахәыҷы дызмоу, зчахә зырҳарц ақьафурҭаҿы аус зуаз Доминика Ақырҭаа хьаас дымкыкәа ацәгьоуцәа рыхқәа зыҭдырҟьаз.

Ҳаџьымба Аҟәа иҟалаз ахҭыс инамаданы Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит

Абарҭқәа зегь еизыркәкәаны срызхәыцуазар, ҳаӷа ҳаииааит, аха ҳхы ҳзазымиааит аԥсуаа сгәахәуеит. Аӡы иаго, аҳәҳәабжь иаҳаӡом рҳәеит…

R.S: Абарҭ ахҭысқәа анымҩаԥысуаз аҽны, "иит" апартиа ҿыц. Сынтәатәи апрезиденттә алхрақәа раамҭазы аԥыза-министр иҭыԥ азы аилахәаахәҭра мҩаԥызгоз ҵәатәышьаҟас иамо иаԥырҵаз "Аиҭаира" егьырҭ ҳпартиақәа иаарылагылеит. Ԥсыуацыԥхьаӡа партиак, партиак ҳамоуп, уи ала ҳӷарым, аус аҿы ҳаиҵахоит акәымзар…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0