Ақалақь ахадара апальмахк "Трахикарпус" аиҭаҳара мап ацәыркит

CC0 / / Трахикарпус
Трахикарпус - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асасааирҭатә комплекс "Абхазия" анапхгара Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿи Леон имҩаду аҿи "Трахикарпус" захьӡу 20 рҟынӡа пальмашьапы еиҭарҳарц азы апроект аздмырхиеит, ақалақь ахадара абри аҭыԥ аҿы аҽа пальмахкык аиҭаҳара азыԥхьагәарҭахьан.

АҞӘА, абҵара 27– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Асасааирҭатә комплекс "Абхазия" анапхгара Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿи Леон имҩаду аҿи "Трахикарпус" захьӡу апалмахк рзеиҭаҳауам , избанзар акомплекс аԥшәмацәеи ақалақь ахадареи аиқәышаҳаҭра рыбжьарымҵацт, ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит ақалақь ахадара акоммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Елена Атиопина.

"Ари аҭыԥ аҿы ақалақь ахадара ақәшаҳаҭымкәа иарбанызаалак еиҭакрак аҟаҵара иашам. Аҵакыра ақалақь иахатәуп. Акомплекс аиҳабыреи ҳареи ҳаицәажәахьан апроект асахьа шаздырхио азы, аха макьаназ акгьы ҳзаармышьҭыцт. Ақалақь ахадара ақәшаҳаҭымкәа хаԥышәала ак аиҭакра иашам", - лҳәеит лара.

Атиопина иазгәалҭеит асасааирҭа "Абхазия" аҿаԥхьа ишазыԥхьагәаҭоу апальмахк "Вашингтониа" аиҭаҳара.

Ҩы-шықәса раԥхьа абри аҭыԥ аҿы еиҭарҳахьан трахикарпусқәа 14 цыра. Аха урҭ хԥа рыда зымӷьацеит.
Асасааирҭатә комплекс ахатәтәҩы Владимир Бигәаа иазгәеиҭеит аиҭаҳатә Москва ишаархәаз, иҩаз рхаҭыԥан реиҭаҳара ргәы ишҭоу.

Бигәаа иҳәеит асасааирҭа "Абхазиеи" Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи рҿаԥхьа изызҳауа апальмақәа рыхәышәтәра асасааирҭа ахарџьқәа рыла ишымҩаԥгаз.

Бигәаа иажәақәа рыла, трахикарпус аиҭаҳара азин рырҭеит Леон имҩаду аҿы, асасааирҭа "Ориенталь" аҿаԥхьа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0