Ашықәс ҿыц ауха иаашаанӡа ауаажәларратә транспорт ныҟәалоит

© Sputnik / Илона Хварцкия Троллейбусный парк
Троллейбусный парк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц ауха ақалақь агәахьы ауаажәларратә транспорт ала унеир ҟалоит Араион Ҿыц, Ажәытo ҳабла, Каштак, Алашарбага, Кьалашәыр рҟынтәи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашықәс ҿыц ауха Аҟәа аҩныҵҟа аус рулоит атроллеибусқәа хәбеи автобусқәа фбеи ажьырныҳәа 1 асааҭ 4:30 рҟынӡа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақалақь ахадара атранспорти амҩатә ныҟәара ашәарҭадара аиҿкаареи рыҟәша аиҳабы Ҭимур Абӷаџьаа.

Атроллеибусқәа ныҟәалоит абарҭ ахырхарҭақәа рыла: "Каштак-Алашарбага", "Араион ҿыц – аџьармыкьа" , "Ажәытә ҳабла - аџьармыкьа".

Аныҳәатә уснагӡатәқәа реиҳарак ахьымҩаԥысуа Ахақәиҭра ашҭа аҟынӡа анеира ҟалоит автобусқәа рылагьы.

Ажьырныҳәа 1 инаркны ауаажәларратә транспорт абжьааԥынтәи арежим ала иныҟәалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0