Sputnik еиднакылеит адиетолог лабжьагажәақәа.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik
Ашықәс ҿыц азы уаанӡатәи ухныҟәгашьа аиҭакра иашам. Ушьара уқәымҟьарц азы ԥхынҷкәын 31 рзы шьыжьхьа, шьыбжьхьа, уаххьа – хымԥада иумазароуп абжьааԥнеиԥш.
"Шьыжьы инаркны хәлаанӡа амла уҽаркны асааҭ 11-12 рзы аишәа уанахатәалак, иуфаша инеиҳаны иумфар залшом", - лҳәоит адиетолог Аелита Шьакаиаԥҳа.
Адиетолог лажәақәа рыла, афатә 2-3 сааҭ рыла иурсоит. Убри азы амла аҽаркра иаԥсаӡам.
Ашықәс ҿыц аԥылараан аишәа чысхкыла иҭәызароуп ҳәа ишьоуп. Аԥсуа ҳәсақәа рчыс апырпыл алҟьоит, уи адагьы атәым чыс ахәша, амаионез уҳәа еиуеиԥшым ацҵақәа арҭоит, ирацәоуп ачаԥақәа, ахаа-мыхаақәа. Асеиԥш аан иуфаша унахымыҳәҳәар ҟалом. Арҭ зегь еилаланы ауаҩы игәабзиара анырра арҭар ҟалоит. Ус анакәха, еиҭнуԥсахлаша ыҟоуп. Еиҳа ихьанҭоу афатәқәа ирыцуфар бзиоуп ауҭраҭых, ашәыр.
Адиетологцәа мап ацәыркуеит еинымаало афатәхкқәа аамҭакала рыдкылара. Иара убасгьы мап ацәкызар еиӷьуп агаз змоу арыжәтәқәа. Уи аца иаԥырхагоуп.
"Ашампан ҩы – ашықәс ҿыц иарыжәтәны иԥхьаӡоуп, итрадициатәуп. Ҩба-хԥа ҵәыца аӡәгьы иԥырхагам", - лҳәоит Шьакаиаԥҳа.
Адиетолаг иара убасгьы излаҳабжьалго ала, аишәа уаахымҵӡакәа иуршар аасҭа ишузеиӷьхо аамҭа-аамҭала анеиааира, акәашара. Уи акалориқәа аԥсаҟьоит.
Аҩбатәи амш азы адиетолог Аелита Шьакаиаԥҳа иазгәалҭоит аныҳәа аухеиԥш афатә уҽадумцаларц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Адиетолог: авитаминқәа хылаԥшрада рыдкылара аԥырхага унаҭоит