Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Дижьлеи Марзеи: Аԥсынтəыла аԥхарра зхылҵуа мца кəицны сгəаҵа иҭаршəзаауеит

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаДижьлеи Марзеи
Дижьлеи Марзеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Германиантәи Аԥсны иаҭааны иҟоуп ҳџьынџьуаа гәыԥҩык. Урҭ дрылоуп аҟабарда ҭыԥҳа Дижьлеи Марзеи. Ишәыдаагалоит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа уи илызкны ианылҵаз аматериал.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Дижьлеи Марзеи ҟабарда ҭыԥҳауп, ланду дашəыуоуп, Моран лыжəлоуп. Дижьлеи лҭаацəа Ҭырқəтəыла, Марашь ақалақь аҟнытə Германиаҟа ицақəаз иреиуоуп. Лара лхаҭа диит Германиа. Лаб Неџьлеҭҭин 1973 шықəса рзы Ҭырқəтəылантəи Германиаҟа нхара ҳəа диасит, уа хəҩык ахшара ихылҵит - Дижьлеи хҩык лаҳəшьцəеи лареи, рашьеи.

Ердынџь Аҭеиба - Sputnik Аҧсны
Ердынџь Аҭеиба: агәыбылра акәиц угәаҵа ианҭашәа, уԥсадгьыл ахь ухьамԥшырц залшом

Дижьлеи даныҩеидас инаркны, лара дахьынхоз атəылаҿы еиҿкааз Кавказтəи ажəларқəа рхеидкылахь дныҟəон, леиҳабацəа рзыӡырҩра еснагь бзиа илбон, аха илызхомызт лабшьҭра рҭоурых иадҳəаланы илаҳауаз, илдыруаз аҭоурых.

"Сара Аԥсныҟа саара ус машəыршақə иҟамлеит. Аԥсҭазаараҿы зегьы ҿҳəарак-ҿҳəарак рымоуп, ус анакəха, Кавказ ақəыҧшра, лабҿаба абара ҳазшаз исаҭəеишьеит. Аԥсныҟа сҩызцəа аԥсуаа шцоз ансаҳа, гəыҩбарак ҟамҵакəа, сусураҿы азин ылхны сыҽрымаздеит. Аԥсны сыҟазаара ԥхыӡу лабҿабоу макьана исзеилыргом", - абас ҳаицəажəара хацҳаркит Дижьлеии сареи.

Аҟабарда ҭыԥҳа Дижьлеи Марзеи, Германиа аҳəынҭқарратə банк аҿы аус луеит. Ахəаахəҭра аганахь ала иреиҳау аҵараиурҭа далгахьеит. Аԥсны лгəазхара илзымбо лаԥшыла илгəыдлыҳəҳəалеит, лабдуцəа аамҭаказы аҭоурых изықəнаршəахьаз агəаҟра еиҳагьы илылсит.

Маҳмуҭ Черқьез: исҭахуп сыԥсадгьыл сбарц, сыуаажәлар рбызшәа саҳарц>>

"Сара Кавказҟа сныҟəарақəа Аԥсынтəыла ала ихацсыркит. Уажəшьҭа урҭ ирыцысҵарц сҭахуп Нхыҵ-Кавказтəи ареспубликақəа рахь. Хымԥада, Ҟабарда-Балкариатəи Ареспублика саҭаарц цəгьа исҭахуп. Аиаша шəасҳəоит, ара аԥсабара зегьы цəажəошəа исзааиуеит, сахьынаԥшы-ааԥшуа итəыму дгьылҿаҵак сзааиуам, ара сизшəа, сааӡазшəа схы збоит", - лхəыцрақəа ҳацеиҩылшон аҟабарда ҭыԥҳа.

Насиба Гьечԥҳа - Sputnik Аҧсны
Насиба Молье: ԥхыӡ иаҳбар ихаҳҵомызт мышкымзар мышкы Аԥсныҟа нхара ҳаауеит ҳəа

Дижьлеи арахь данаауаз илыцны иааит лара лыӡӷабцəа ҩыџьа. Илҭахуп лхəыҷқəа Кавказ закəу, насгьы уи иатəу ажəлар ишырхылҵшьҭроу рдырырц.

"Ауаҩы даниуа ициуеит иан лбызшəа, ихы идыруа даныҟала нахыс дашьҭалоит дызхылҵыз иабшьҭра рҭоурых аилкаара. Сан д-Абзехьԥҳауп, санду Гиульфидан Моранԥҳа лҭынхацəа Мураҭи Али Моранаа, Ҭырқəтəылантəи шықəсқəак раԥхьа Аԥсныҟа нхара иаахьан. Ара сахьааиз гəаартыла иахьысԥылаз даара сеигəырҕьеит. Рхы-рыхшара еиҵаҩҩы иҟоуп, сҭацацəагьы аԥсацəоуп, уи еиҳагьы сгəы шьҭнахит", - лҳəоит Дижьлеи.

Буленҭ Ҵыҵба: сыԥсҭазаараҿы исымаз ахықәкы наӡеит ҳәа сҳәарц сылшоит>>

Дижьлеи Аԥсны лыҟазаара иалагӡаны лҽазылшəеит Аԥсны аҭоурыхтə ҭыҧқəа рҭаара. Лныҟəарақəа хацлыркит Аҧсны Аҳəынҭқарра раҧхьатəи Ахада Владислав Арӡынба иҳаҭгəын аҭаара ала. Лгəы лнархьуеит аибашьра иннажьыз ашьҭа, аха агəыҕра лымоуп Аԥсны аԥеиԥш бзиа шамоу.

"Исҭахуп аекономика амч ӷəӷəа аиурц, Аԥсынтəыла Ахьыԥшымра ахьӡ адунеи иалаҵəарц, егьырҭ атəылақəа рылагьы азхаҵара аиоурц. Исаҳахьан Аԥсны аибашьра амца шыра ишалагылаз, Аиааира шагаз. Аибашьцəа рҳаҭгəынқəа рҿы избо иқəыԥшу ахаҿсахьақəа сгəы ҭырыблааит. Аԥсуа дгьыл шьала иӡрыжəу, зымч ӷəӷəоу, доуҳала иҿыху дгьылуп. Сгьежьны сахьнеиуа избаз-исаҳаз сҭынхацəа, сҩызцəа ирзеиҭасҳəандаз ҳəа агəаҳəара сымоуп", - дҳацəажəон аҟабарда ҭыԥҳа.

Иарбан жəларзаалак ирымоуп иацтəи, иахьатəи амш ирзыннажьыз аҭоурых, уаҵəтəи аԥеиԥш. Абызшəа зцəыӡыз ажəлар милаҭк аҳасабала ихаҭəаау жəларны изынхом. Убри азы иаҭахуп аҽазышəара, акультура амырӡра, абызшəа аиқəырхара. Убас еиԥш иҟоуп ҳара ҳзыҿцəажəоз Германиантəи Аԥсны иааны иҟаз Дижьлеи Марзеи лхəыцрақəа.

Семья Нусрета Ахба - Sputnik Аҧсны
Нусреҭ Ахба: ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

"Германиа инхо Кавказаа рхылҵшьҭрақəа зегьы аӡəыкны ҳаҟоуп. Хкультуратə центр ҳаиднакылоит. Хымԥада, иҟаҵатəу акырӡа ирацəоуп, Аԥсны сахьааиз схəыцрақəа еиҳагьы иҿыхеит. Ишырҳəо еиҧш, "ла иабо хы иаҧсоуп". Исҭахуп Кавказ иқəынхо ажəларқəа адунеи зегьы рыхьӡ-рыԥша ахыҵəаны иҟаларц. Ирхыргаз агəаҟра ду иаиааины ахеиқəырхара рылшазар, хымҧада аԥхьаҟагьы аԥеиԥш ду змоу жəларны иаанхоит", - ҳəа азгəалҭоит Дижьлеи Марзеи.

Дижьлеи Марзеи аҧхьаҟа лгəы иҭоуп лабшьҭра рҭоурых инарҭбааны аҭҵаара, лара излалҳəаз ала, уахь инагоу амҩа лыҵкəеит, уажəшьҭарнахыс иаҭаху аусура ауп. Аԥсынтəыла акəзар, аԥхарра зхылҵуа мца кəицны лгəаҵа иҭаршəзаауеит.

Ҳалдун Леиба: сыхшаара рыԥсадгьылаҿ инхоит, рхатәы бызшәа рҳәоит>>

Ажәабжьқәа зегьы
0