Алабаҟәуа, мамзаргьы бумеранг, ҳәа изышьҭоу аибашьраҿы ахархәара ззыруаз, иамоуп аеродинамикатә ҟазшьаҷыда, уи иабзоураны, алабаҟәуа иахьынтәиуршәыз аҭыԥ ахь игьежьыр алшоит.
Абумеранг гьежьуеит рҳәалоит ирлас-ырласны, ауаҩы гәнаҳак ҟеиҵаны, нас иаргьы азалымдара данақәшәо аамҭазы. Ажәакала, алабаҟәуа гьежьыр алшоит. Абри зегь зхысҳәаауа аԥсуа театр ауп.
Иахьа аполитикатә ԥсҭазаараҿы маҷк иадамзаргьы ианааҭынчраха, иаацәырҵит атеатртә хынҭаҩынҭара. Аԥсуа театр аҭоурых ҳазхьаԥшуазар, иара иамаз аҟазаратә еихьӡарақәа инарываргыланы, аамҭа-аамҭала аҭыӡшәақәа ацын. Асовет ҳәынҭқарра ахаан, уаҟа имҩаԥысуаз аиҿагыларақәа ирылҵшәаханы, аԥсуа театр аанлыжьуеит арежиссиор Нелли Ешба. Лара линтервиуқәа руак аҿы иҳалҳәахьан "актиорцәа атеатр аанрыжьыр аҵкыс, сара сцар еиҳа еиӷьын, аԥсуа актиор даҽа театрк имам, сара срежиссиорын сҭыԥ даҽаџьара исыԥшаарц сыӡбит " ҳәа.
Ешба атеатр ахьаанлыжьыз, аԥсуа театр иаԥырхагамхазар, акы иамыхәеит, избанзар, лара аҟыбаҩи аҵара дуи змаз ԥҳәысын. Атеатртә ҭыӡшәақәа Ешба данца ашьҭахьгьы ицәырҵуан, уи иалҵшәаны арежиссиор Дмитри Кәартаа иусура ааныжьны "Ақәыԥшцәа ртеатр" (ТЮЗ) ҳәа изышьҭаз аурыс театр ахь диасхьан. Атеатртә ҭыӡшәа даҽа мҿхакык иаманакит, Кәартаа инаҩсан режиссиор хадас Валери Ақаҩба даныҟала ашьҭахь.
Инеиԥынкыланы, 1986 шықәса инаркны, аибашьра ашьҭахьынӡа аԥсуа театр аҿы уи русура иамихит: Еҭери Коӷониаԥҳа, Амиран Ҭаниа, Шьалуа Гыцба, Софа Агәмаа, Алексеи Заира Ермоловаа, Ира Коӷониаԥҳа уҳәа, атеатр акорифеицәа инадыркны, абжьаратәи аиҵбыратәи абиԥара иаҵанакуаз аҟазацәа маҷҩымкәа. Аҵыхәтәантәи амхрақәа мҩаԥысит аибашьра анеилга адырҩаҽны. Уи ашьҭахь, дук хара имгакәа Ақаҩба дҟалоит Самсон Ҷанба ихьӡ зхыу аԥсуа театр адиректорс, иара убас асахьаркыратә напхгаҩыс. Атеатр аҿы иара иаанижьуеит, аус зциурц ииҭахыз, зыгәра игоз, имазымкуаз артистцәа. Рнапы еикәыршаны иҟан аиашазы аамҭак азы.
Атеатр аҿы зусура иамырхыз рыргьежьра азҵаатәы акырынтә ишьҭырххьан, изныкымкәа аинтеллигенциа реизарақәа мҩаԥыргахьан, аха илҵшәадан. Валери Ақаҩба игәы раҳаҭны аус шиуаз акәымкәа, игьежьит алабаҟәуа. Уи ҟалеит аӡәгьы игәиҽанӡамкәа. Жәларык артистцәа русура ианамырхуаз ҿызымҭыз ԥыҭҩык актиорцәа атеатр аҿы рыҟазаара ашәарҭара иааҭагылеит. Атеатр ҵәатәышьаҟазаҵәны иахагылаз Ақаҩба, итоталиратартә режим аилыбгара иалагеит, атеатр аҩныҵҟа иҟалеит аҽеҩшара.
Бадра Гәынба акультура аминистрс даныҟаз, актоирцәа ҟаимаҭқәа ҳәа ҳазхәаԥшуаз Роман Сабуа, Сырбеи Сангәлиа, Виачеслав Арӡынба русура иаамихит амаестро, уи официалла ҽыҵгасгьы иаман "актиорцәа рықәра". Аминистр Гәынба, Ақаҩба иара шаҟа ихыҵуаз неигәалаиршәан актиорцәа дырҩагьых атеатр ахь иргьежьыртә дныҟәеит. Абасала, "еигәыцхәыз" аколлектив ахҟа рыбжьало иалагеит, уи атеатр аусура иаԥырхагамхаргьы алшомызт.
2014 шықәса рзы Аԥсны Валери Бганба апрезидент инапынҵақәа анынеигӡоз аамҭазы, Валери Ақаҩба имаҵурақәа руакы, хықәкыла атеатр адиректор иҭыԥ аанижьыр акәхеит, атеатр административтә хәҭаҿы иҟаз аилагарақәа ирылҵшәаны, иара убас, иаԥҵан Аԥсны аҿар ртеатр, уи напхгаҩыс дарҭеит акыр шықәса атеатр анҭыҵ игәжәажәоз Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа. Маҷк иааҭынчрахеит. Зыԥсы ҭаны инхаз, атеатр иамхыз актиорцәа рӷьырак Агәмаа дызхагыло атеатр аҿы аусура иалагеит. Аха, алабаҟәуа иауам, даҽазнык игьежьит.
Дырҩагьых атеатр нызмырхо, арҿиаратә псҭазаара ашьара иқәзырҟьо аҭыӡшәа. Уажәтәи аҭыӡшәа, адмнистративтә еилагарақәа роуп изхыпхьаӡалатәу. Ақаҩба иган ирхәоит, Нхыҵ-Кавказтәи афестиваль "Сцена без границ" захьӡу ахь ааԥхьара зырҭаз Ақаҩба иқәиргылаз С. Мрожек "Шьапыла" (Пешком) ауп ҳәа, атеатр администрациа иҟарҵаз аҳәамҭаҿы иаҳәоит, "афестиваль ахь ааԥхьара змаз арежиссиор Мадина Аргәын икәлыргылаз Г. Лорка "Бернарда Альба лыҩны" захьӡу аспектакль ауп" ҳәа. Абри аҩыза аҭыӡшәа ахьыҟало, аԥшәма дахьԥсыҽу, алеишәа ахьыҟам ахәышҭаараҿоуп. Азакәанқәа рҽырымԥсахзар, атеатр асахьаркыратә напхгаҩи, асахьаркыратә еилазаареи, адирекциеи еицырыӡбуеит иарбан спектакльу афестиваль ахь ицо, насгьы уи ақәшаҳаҭхароуп акультура аминистрра. Ажәакала, атеатр аҩныҵҟа, афестиваль ахь ацара иахҟьаны ахынҭаҩынҭара ҿыц аацәырҵит, убри аҟынтә, Аԥсны анапхгара ирыӡбеит афестиваль ахь аӡәгьы дырмышьҭырц.
Изҭахыу ииҭахыу иҳәалааит, сыӡлагара лагалааит, иҳәан, атеатр асахьаркыратә напхгаҩы, испектакль иманы, атеатр администрациа рзин шьҭымхӡакәа афестиваль ахь дцеит, уимоу, инаимҩатәны Нальчик имҩаԥысуаз даҽа фестивалькгьы ихы алаирхәит. "Сцена Без границ" захьӡу Владикавказтәи афестиваль аҿы аԥсуа театр иаиут " Иреиӷьу аколлектив" ҳәа аԥхьахә. Нальчик имҩаԥысуаз афестиваль аҿы Ақаҩба иқәыргыламҭа "Шьапыла" "Иреиӷьу аспектакль" ҳәа иалкаан, иара убас, актиор Бенар Ақаҩба "актиор қәыԥш идебиут" ҳәа аԥхьахә ианаршьеит.
Административтә зинеилагара ауп акәымзар, иамоузеи арежиссиор испектакль игазар? Аҟазара злоугьы изламгьы зықәныҟәаша азакәан аилагара ауп иааидкыланы иахьа аԥсуа театр аҿиара иаԥырхаго. Аҭыӡшәа ахьыҟо аҭаацәараҿы, аҭышәынтәалара зыҟалом, атеатргьы рҿиартә ҭаацәароуп, уи анапхгараҿы иҟоу хҭак еицҭадмыршәыр, хаз-хазы иахар ахәаԥшҩы изы иалхыу атеатр аҟәардәқәа ҭацәны иаанхар алшоит. Атеатр аҿы абри аҩыза анымҩаԥысуа аамҭазы, иаҳмаҳаӡеит Аԥсны акультура аминистрра аофициалтә позициа.
R.S. Аԥсуа театр аҿы игьежьыз алабаҟәуа аколлектив хыла-гәыла ианеиланаҵо аамҭазы, авараҿы игыло РУСДРАМ захьӡу атеатр азал кәапеишәа хәаԥшҩыла иҭәуп, уи адиректор Иракли Хынҭәба иакәзар, иауаз асы, иауаз ақәа, амҟәыл каҳауаз иаҭахызаргьы, даҿуп итеатр аӡыргара, ирепертуар кыдуп, март мзазы иқәдыргылаша инаркны, ихәшьадуп атеатр ԥхьаҟатәи аплан. Ажәакала, аԥшәма бзиа дызмо РУСДРАМ аҿиара иаҿуп, ҳара ҳмилаҭтә театр аспектакльқәа шықәнаргылогьы, актиорцәа бзиақәа шамоугьы, аҭыӡшәа шьҭахьҟа иаманы ицоит…