Маркедонов: аԥснытәи ахҭысқәа Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьа иаԥырхагахом

© SputnikФлаг Россия Абхазия
Флаг Россия Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
МГИМО жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа Ринститут евро-атлантикатәи ашәарҭадара Ацентр аусзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сергеи Маркедонов Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10– Sputnik. Аԥснытәи ахҭысқәа Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьа иаԥырхагахом иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу аҭо МГИМО жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа Ринститут евро-атлантикатәи ашәарҭадара Ацентр аусзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сергеи Маркедонов.

Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммад Кьылба - Sputnik Аҧсны
Кьылба амч ахархәаразы: усеиԥш агәҭакы ыҟам, аха иҟалар алшоит

"Урыстәыла иаҿагыло апозициа аӡәгьы Аԥсны азхьаԥшра аиҭом. Уи азҵаара мчыла ирҿиоу зҵаароуп. Еиҿагыло аганқәа рыҩбагьы Аԥсны ахьыԥшымразы иқәԥоз роуп. Ихадароу ареспублика аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра зго иоуп", - иҳәоит иара.

Аԥсны "маидан" аԥшаара иашьҭоу аҭагылазаашьа ззымдыруа роуп. Урҭ рҩызцәа роуп Қарҭ ма Мраҭашәара зышьҭашәарыцо.

"Украина аҿырԥшы ара аԥшаар иашам. Аԥсноума Ермантәылоума аҿагыларақәа рхатә ҟазшьа рымоуп" - иҳәоит Маркедонов.

Аполитолог еиқәиԥхьаӡеит Аԥсны аполитикатә кризис амзызқәа. Аполитолог игәалаиршәеит 2004, 2014 ашықәсқәа раантәи ахҭысқәа.

"Аҭыԥ амоуп аполитикатә еиҟәшара. Уи адацқәагьы акыр хара иҟоуп. Акризис амзызқәагьы акыр иҵаулоуп" - иҳәоит Маркедонов.

Амзызқәа ируакуп Аԥсны ахада иалхра аихшьаалақәа ҳәа азгәеиҭоит аполитолог.

"Иахьатәи ахада иԥыжәара акыр идумызт. Уи ауп изыхҟьаз алхрақәа рылкаақәа ииашам ҳәа рыхҳәаара алзыршаз. Уи адагьы Аслан Бжьаниа ахәшә иҭанҳәа иҟаз ахҭысгьы иахьа уажәраанӡа ишьақәыргылам", - иҳәоит иара.

Аԥсны акриминогентә ҭагылазаашьа акәзар амзызқәа ирылукаауаны дахәаԥшуеит аполитолог.

" Аресторан "Сан-Ремо" аҟны иҟалаз ауаа анырра ду рнаҭеит. Аԥсны еиҳа-еиҳа акриминалтә хҭысқәа аҭыԥ рымазаара акәзар, урҭ хырыҩ рыҭара акәзар – еиҳагьы ауаа агәҭынчымра рызцәырнагоит", - иҳәоит Маркедонов.

Аԥсны аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа

Иара игәаангарала Аԥсны азы иахәҭаны иҟоуп ахықәк ҿыцқәа рцәырҵра.

"Еснагь ииасхьоу азхьаԥшра иашам. Амшхәаԥштә азҵаара ҿыц цәыргатәуп. Ҳәарада ахаҿ ҿыц даҭахуп. Иахьазы иаабо уаанӡатәи аполитика зырҿиоз роуп", - азгәеиҭоит иара.

Иара убасгьы хра аманы иԥхьаӡоит 2008 шықәса рзы Аԥсны азхаҵара афакт.

"Аԥсны Урыстәылазы акрызҵазкуа хырхарҭоуп. Абри иқәныҟәаны астратегиатә уснагӡатәқәагьы мҩаԥгалатәуп", - агәаанагара имоуп Маркедонов.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан.

Убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр далацәажәоит амилициа русура арежим ҷыда - Sputnik Аҧсны
Смыр: амчреи аоппозициеи рыдгылаҩцәа реиҿанагалара алмыршароуп

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭак ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0