Кәыҵниа: аоппозициа аганахьала иқәгыло акандидат далкаам

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Квициния
Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз алхрақәа раан аоппозициа аҟынтәи акандидат Алхас Кәыҵниа иоуз абжьқәа Рауль Ҳаџьымба иоуз раасҭа еиҵахеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Аоппозициатә мчқәа рблок макьаназ далнамкаац хәажәкыра 22 рзтәи алхрақәа раан кандидатс иҟало, аха еиҳарак изықәку Аслан Бжьаниа иоуп иҳәеит Алхас Кәыҵниа.

"Аоппозициа аԥхьагыла дрымоуп - Аслан Бжьаниа. Аха зегьы ишыжәдыруеиԥш, иара макьанагьы игәабзиара аиҭашьақәыргылара аҭахуп. Макьаназы иааԥҵәаны ӡбамҭак ыҟам. Ҳаилацәажәоит", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Алхас Кәыҵниа.

Иара иажәақәа рыла, атәылаҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.

"Алхра ҿыцқәа ҟалоит. Зхы ықәзыргыло аабап. Иахьа Апарламент аҿы Рауль Ҳаџьымба иԥхьатәара рыдыркылараны иҟоуп. Ԥхьаҟа аԥсҭазаара еиӷьхап ҳәа ҳгәыӷлап", - иҳәеит Кәыҵниа.

Ԥшьымш рыҩнуҵҟа акциа иалахәыз ауаа аамҭақәак раԥхьа Рауль Ҳаџьымба дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь инеит. Шәҩыла аоппозициа адгылаҩцәа аҳәынҭқарратә дача акәша-мыкәша еизеит, Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵа ҟаҵо.

Ҳаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом, аӡбарҭа иаӡбаз дахашшааӡом - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом, аӡбарҭа иаӡбаз дахашшааӡом

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны уаанӡатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Апарламент ԥасатәи адепутат Сергеи Шамба амитинг алахәылацәа ирылеиҳәеит Рауль Ҳаџьымба аҭел дизасны ажәа шииҭаз ԥхьатәара дышцо азы арзаҳал инапы шаҵеиҩуа.

Арзаҳал инапы аҵеиҩит ҳәа Шамба абжьыҭгага ала ауаа ирылеиҳәеит. Еилагылаз уи напеинҟьарыла ирыдыркылеит.

Ажьырныҳәа 12 рзы ҽынла Рауль Ҳаџьымба диԥылахьан аоппозициа ахада Аслан Бжьаниа. Аиԥылара иалахәын Аслан Барцыц, Муҳаммад Кьылба, Алхас Кәыҵниа. Аицәажәара далахәын иара убасгьы Рашид Нургалиев. Ари аиԥылараан Бжьаниа Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц шидигалаз иҳәеит. Рашид Нургалиев аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы акахьы иааибагарц рабжьигеит.

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Нургалиев ибжьаҟазареи амитинг алахәылацәа рультиматуми

Ажьырныҳәа 9 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аҿагыларатә акциа хацдыркит, ахада иԥхьатәара дҵаны иҟаҵо. Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ҭагалантәи алхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ иаднакылаз иашамызт ҳәа ахырҳәааит.

Амҽыша, ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иалнахит аҳәынҭқарра ахада иалхра ҿыцқәа ррыцхә. Урҭ ҟалоит хәажәкыра 22, 2020 шықәса рзы. Азакәан инақәыршәаны, ркандидатурақәа ықәдыргылар ҟалоит акандидатцәа ҿыцқәеи уаанӡатәи акандидатцәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0