Ҳаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом, аӡбарҭа иаӡбаз дахашшааӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукҲаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом, аӡбарҭа иаӡбаз дахашшааӡом
Ҳаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом, аӡбарҭа иаӡбаз дахашшааӡом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 12 ахәылԥаз Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада имаҵура шаанижьуазы арзаҳал, атәылаҿы ԥшьымш имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциақәа рышьҭахь.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ахадарахьы икандидатура уаҳа иқәиргылаӡом, абри атәы иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ Аслан Барцыц.

"Рауль Џьумка-иԥа аԥсыуак, политикк иаҳасабала илиршаз рацәоуп. Уи имариамыз аполитикатә мҩа данысит. Хәышықәса Аԥсны ахадас дыҟан. Шықәсык ала ҩба-хԥа политикатә митингк мҩаԥысуан ҳтәылаҿы. Иара иаан раԥхьаӡа акәны ҳбиџьет нагӡан, иаԥҵан Аконституциатә ӡбарҭа. Уи иусура ахәшьара аҭара макьана заауп", - иҳәеит Барцыц.

Иара убас иҳәеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҟны ахашшааратә коллегиа иаӡбаз ахашшаара ахәҭаны ишимбо.

"Уи ԥхьатәара ицаразы идикылаз аӡбара - ишәа-иза идикылаз акоуп. Абри имариам ашьҭахь ҩаԥхьа амчрахь адәықәлара иашам ҳәа сгәы иаанагоит. Аиҳабырахь иаиааит ажәлар реидкылара зылшаша аполитикцәа", - иҳәеит Барцыц.

Иара убас иҳәеит дарбан кандидату иааиуа алхрақәа рҟны изыдгыло.

"Рауль Ҳаџьымба идуу, ишьақәтәоу аелекторат имоуп. Хымԥада ҳара кандидатк ҳидгылар ҳалшоит. Аха ҳара маӡақәак ҳамоуп, аполитикатә ԥышәа иаҳнарҵеит. Урҭ макьана иааҳарԥшӡом. Ҳара ҳидгылаоит аҳәынҭқарра аинтересқәа ирықәныҟәо акандидат, уи дазусҭахо аабап", - азгәеиҭеит Барцыц.

Ԥшьымш рыҩнуҵҟа акциа иалахәыз ауаа аамҭақәак раԥхьа Рауль Ҳаџьымба дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь инеит. Шәҩыла аоппозициа адгылаҩцәа аҳәынҭқарратә дача акәша-мыкәша еизеит, Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵа ҟаҵо.

Акциа алахәылацәа аҳәынҭқарратә дача ахыбрахь инеит - Sputnik Аҧсны
Акциа алахәылацәа аҳәынҭқарратә дача ахыбрахь инеит

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны уаанӡатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Апарламент ԥасатәи адепутат Сергеи Шамба амитинг алахәылацәа ирылеиҳәеит Рауль Ҳаџьымба аҭел дизасны ажәа шииҭаз ԥхьатәара дышцо азы арзаҳал инапы шаҵеиҩуа.

Арзаҳал инапы аҵеиҩит ҳәа Шамба абжьыҭгага ала ауаа ирылеиҳәеит. Еилагылаз уи напеинҟьарыла ирыдыркылеит.

Ажьырныҳәа 12 рзы ҽынла Рауль Ҳаџьымба диԥылахьан аоппозициа ахада Аслан Бжьаниа. Аиԥылара иалахәын Аслан Барцыц, Муҳаммад Кьылба, Алхас Кәыҵниа. Аицәажәара далахәын иара убасгьы Рашид Нургалиев. Ари аиԥылараан Бжьаниа Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц шидигалаз иҳәеит. Рашид Нургалиев аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы акахьы иааибагарц рабжьигеит.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба аоппозициаа раԥхьагыла Аслан Бжьаниа диԥылеит

Ажьырныҳәа 9 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аҿагыларатә акциа хацдыркит, ахада иԥхьатәара дҵаны иҟаҵо. Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ҭагалантәи алхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ иаднакылаз иашамызт ҳәа ахырҳәааит.

Амҽыша, ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иалнахит аҳәынҭқарра ахада иалхра ҿыцқәа ррыцхә. Урҭ ҟалоит хәажәкыра 22, 2020 шықәса рзы. Азакәан инақәыршәаны, ркандидатурақәа ықәдыргылар ҟалоит акандидатцәа ҿыцқәеи уаанӡатәи акандидатцәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0