Аметодон зыдкыланы амашьына аԥсҟы зкыз ауаҩы ашьаҟауаҩ дисит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина ДПС. Архивное фото
Машина ДПС. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҩатә машәыр ҟалеит Ешба имҩа, адәқьан "Мебельер" аҿаԥхьа. Аахақәа зауз ашьаҟауаҩ ахәышәтәырҭахь днагоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik. Аметодон зыдкыланы амашьына аԥсҟы зкыз ауаҩы ашьаҟауаҩ дисит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра. Аахақәа зауз ашьаҟауаҩ ахәышәтәырҭахь днагоуп.

Амҩатә машәыр ҟалеит ажьырныҳәа 21 рзы, Ешба имҩа, адәқьан "Мебельер" аҿаԥхьа. Автомашьына ВАЗ-21061 аԥсҟы зкыз Енвер Рамазанов амедицинатә гәаҭара данахрыжьуаз ишьақәыргылан анаркотикатә маҭәашьар – метадон идкыланы дшыҟаз.

Ахҭыс инамаданы амилициа аусҭҵаара хацнаркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0