Агәыбылра амца еиҳагьы иацлеит: "Амра ашәахәақәа" Ҭырқәтәыла ишӡыргаз

© Foto / Саида ЖибаСаида Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" Сҭампыл аӡыргараан
Саида Жьиԥҳа лышәҟәы Амра ашәахәақәа Сҭампыл аӡыргараан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭалаз ашықәс азы Ҭырқәтәыла иҭыҵит Аԥснытәи ажурналист Саида Жьиԥҳа авторс дызмоу, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны зҽалызкааз, хьӡи-ԥшеи змоу ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа рнысымҩа иазку ашәҟәы-альбом "Амра ашәахәақәа".

Рацәак ҵуам "Амра ашәахәақәа" Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Анкареи, Сҭампыли, Адаԥазари рҟны иӡырыргеижьҭеи. Ажурналист еиҭалҳәеит ҳџьынџьуаа ашәҟәы-альбом ргәы аԥхарра шҭанаҵази, ларгьы апроект ацҵара дшазхәыцызи ртәы.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

2019 шықәса алагамҭазы, мызктәи сыԥсшьарамшқәа схы иархәаны, Ҭырқәтәыла инхо сҩыза Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа лыцхыраарала еидыскылаз аматериал иалҵшәахаз ашәҟәы-альбом хықәкыс иамоуп, иахьа Ҭырқәтәыла инхо, амра ашәахәақәа реиԥш икаԥхо, еицырдыруа ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа рыӡбахә ҳәаны, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿгьы рашьцәеи рыжәлантәқәеи дара рыла ргәы ашьҭхра. Ари апроект амҳаџьырра ҟалеижьҭеи 155 шықәса аҵра агәалашәара иазыскит, иагьысыӡбеит шәҟәны ианҭыҵлак ҳамҭас ашара.

Ашәҟәы-альбом еиднакылоит 25 шықәса зхыҵуа инадыркны шәышықәса ирҭысхьоу ауаа. Дара рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҭоурых бзиаӡаны изгәалашәо абыргцәа, убас аполитикцәа, аҳақьымцәа, апрофессорцәа, аспортсменцәа, актиорцәа, абизнес знапы алаку уҳәа аӡәырҩы.

Жәамш рыҩнуҵҟа "Амра ашәахәақәа" ӡырган ақалақьқәа Анкареи, Сҭампыли, Адаԥазари рҿы, ашәҟәаҿы зыӡбахә ҳәоу афырхацәа реиҳараҩык абарҭ ақалақьқәеи ирыԥну ақыҭақәеи ирылҵыз роуп аҟнытә.

Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" азы: уажәазы исылшаз абри ахәыҷы ауп

Адаԥазар ақалақь акультуратә центрқәа руак аҟны, Сақариатәи ауниверситет апрофессорцәа Оздан Аҩӡԥҳаи, Сима Агрԥҳаи рыбзоурала хәыда-ԥсада азин сыман аӡыргара амҩаԥгара. Уимоу аиҿкааратә усмҩаԥгатәқәагьы дара рхахьы иргеит. Ахәылԥаз иаладырхәит Аԥснынтәи араҟа аҵара зҵо астудентцәа.

Ари амш сгәы хыҭхыҭуа сазыԥшын. Сара издыруан уи аҽны еизараны ишыҟаз 70-80-ҩык рҟынӡа ауаа. Жәларык рҿаԥхьа ажәахә аҟаҵара хымԥада исцәыуадаҩын, аха сгәаҟнытә иаауаз ацәаҳәақәа напеинҟьарала ианрыдыркыла, аиашазы сгәы азҳаит. Убасҟангьы агәра згеит сџьабаа ахә ҳаракны ишыршьаз. "Аԥсни, Ҭырқәтәылеи ирыбжьаз даҽа иашьаратә рахәыцк абри ашәҟәы ала ирӷәӷәоуп", - ҳәа анырҳәа, уи аасҭа еиҳаз ажәа ыҟамызт сара сзы.

Ашәҟәқәа афырхацәа рнапаҟны ианрысҭоз, зхатәы бызшәа ззымдыруазгьы, рыблақәа рыла еилыскаауан шаҟа цәанырра ԥха рзаҵаз ари ахҭыс.

© Foto / Саида ЖибаСаида Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" Адаԥазар аӡыргараан
Агәыбылра амца еиҳагьы иацлеит: Амра ашәахәақәа Ҭырқәтәыла ишӡыргаз - Sputnik Аҧсны
Саида Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" Адаԥазар аӡыргараан

Аӡыргара аҽны акьыԥхь аҿы зыӡбахә ҳәаз абыргцәа реиҳараҩык аара рылымшеит, аха руаӡәы, 90 шықәса ирҭысхьаз Ешьреф Гындиа иԥҳа длыманы азал данааҩнала, азнык азы сыбла сажьаз џьысшьеит. "Сара сыԥсны сышьҭазаргьы, Аԥснынтәи аӡәы уибар иҭахуп рҳәар - сгыланы саауеит, схәыҷы", - ҳәа данаасыдгыла, ибжьы заҳаз зегьы рылабжыш рызнымкылеит. Абырг дныҳәа-ныԥхьо еизаз ирылеиҳәеит рџьынџьдгьыл ахь ихьаԥшырц. "Аамҭа мгакәа шәабдуцәа рхәышҭаарамца иацәынхаз акәицқәа шәрыҭәҳәа, еиқәышәҵа агәыбылра амца шеишеи", - ҳәа ҩаԥхьа ибжьы анааҭига, ԥааимбарк дааизшәа ҳаԥсы ӡаны ҳихәаԥшуан.

Ажәакала, аӡыргара раԥхьатәи амш иҟәандоу ацәаныррақәа аҵаны имҩаԥысит. Иазгәасымҭар залшом ашәҟәы-альбом ҳамҭас ианысшоз, уи џьашьатәыс изаузгьы шыҟалаз, исҭиуеит ҳәа згәы иаанагозгьы ыҟазаарын.

Анаҩс аӡыргара мҩаԥган Анкара, Кавказ аҭҵаарадырратә фонд аҟны, ҳџьынџьуаҩ Меҳмеҭ Инаԥшьба ибзоурала. Ашәҟәы афырхацәа ааԥхьара арыҭареи асасцәа афуршет рзеиҿкаареи уҳәа илиршаз даара ирацәоуп.

© Foto / Саида ЖибаИуџьаль Сергьегьиаԥҳа, Саида Жьиԥҳа, Сезаи Қәпалба
Агәыбылра амца еиҳагьы иацлеит: Амра ашәахәақәа Ҭырқәтәыла ишӡыргаз - Sputnik Аҧсны
Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа, Саида Жьиԥҳа, Сезаи Қәпалба

Анкарантәи ашәҟәы афырхацәас иҟалеит ааҩык аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа. "Аҭоурых ҳазынбыжьит, иҭабуп", - ҳәа сарҳәарц иааит 80 шықәса зхыҵуаз абыргцәа, аамҭала арратә маҵура ду ныҟәызгоз Осман Лацәышбеи апрокурор ԥхьатәа Исмаил Заҷаҟәеи. Иахьа Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарра Ахадара аусбарҭа аекспертс иҟоу Кадыр Абаӷба иакәзаргьы, аамҭа ԥшааны аусмҩаԥгатә иҽалаирхәит.

Аубых жәлар дырхаҭарнакуп ашәҟәы-альбом афырхацәа иреиуоу, Сҭампыл ақалақь Кавказ акультуратә клубқәа руак аҿы аӡыргара еиҿызкааз, асасцәа еидызкылаз Рыдван Уасса. Ҭынхаҵас, гәакьаҵас иҩыза Қьамиль Маршьани иареи сганахь аҳаҭыр аарԥшны, ахәылԥаз аҩаӡара ҳаракы аманы имҩасыртә еиԥш аҭакԥхықәра рхы иадырҵеит. Арахь ааԥхьара рырҭеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмы змоу ахаҭарнак Вадим Ҳаразиеи уи иабжьгаҩ Џьансыхә Лазбеи.

© Foto / Саида ЖибаСаида Жьиԥҳа лышәҟәы Анкара аӡыргараан
Агәыбылра амца еиҳагьы иацлеит: Амра ашәахәақәа Ҭырқәтәыла ишӡыргаз - Sputnik Аҧсны
Саида Жьиԥҳа лышәҟәы Анкара аӡыргараан

Ахаан слакҭа иҭамԥшыцыз Вадим Ҳаразиа убриаҟара ажәа ҟәандақәа иҳәеит, уамак шыҟасымҵазгьы, сыпроект ҳараикит.

"Аҳәынҭқарра аиҳабыра дырмыҳәакәа, лхала аспонсорцәа ԥшааны, лыԥсшьарамшқәа лхы иархәаны иналыгӡаз аус ҿырԥштәы бзиоуп, гәыблыроуп, цҳауп адунеи атәылақәа ирылаԥсоу аԥсуа-абаза жәлар зегьы рзы. Хымԥада, ари апроект наҟ-наҟ аҳәынҭқарра адгылара анаҭароуп, иацҵатәуп. Шәҟәык аҿы мацара иаангылатәӡам, уи ашьаҭа мыӡроуп", - иҳәеит иара.

Абас еиԥш иҟаз аџьшьаратә ажәақәа акырӡа сгәы дырԥшааит. Агәра згоит еиҵагыло ажурналистцәа ҿарацәа абри атемала еиӷьымзар еицәамкәа даргьы иакымкәа иҩбамкәа ашәҟәқәа аҭыжьра рылшап ҳәа, аха зегь акоуп саргьы сыпроект иацысҵарыма ҳәа ахәыцрақәа сызцәырҵуа иалагеит.

Ашәҟәы афырхацәа ажәа анрымаз, Ҭырқәтәылатәи KIRACA холдинг амаӡаныҟәгаҩ хада Саиҭ Маршьан сара сзызхәыцуаз ажәақәа иҳәеит. "Шәышықәса рышьҭахь еиҵагыло аԥсуа-абаза жәлар рабиԥара ҿыц абри ашәҟәы рԥыхьашәар, ирбоит рабдуцәа рдацқәа ахьынтәаауа, изнысыз аҭоурыхтә мҩа атәы. Убри аҟнытә апроект ҵыхәаԥҵәара амамзароуп".

Изызӡари, "апроект ахы инаркны аҵыхәанӡа анагӡаразы зегь раасҭа иуадаҩзи" ҳәа аӡәыр шәҵаауазар, абар аҭак - уи адгылаҩцәа рыԥшаара акәын.

Аекспедициахь ацареи, уи анаҩс ашәҟәы аҩра иацааиуаз ахарџьи миллионк аҟынӡа иақәырӡуп. Исылшарыма ари аус ҩаԥхьа схала ацҵара? Хымԥада, мап. Аха уеизгьы агәаҳәара сцәымӡӡеит. Исцәымӡӡеит, избанзар сгәаҵаҿы еиқәылаз агәыбылра амца есааира иацлоит акәымзар, иҿыцәаарангьы иҟам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0