Sputnik амотивқәа рыла: афильм "Давиди агәрагареи" идырбан Аҟәа

© SputnikПо мотивам Sputnik: фильм "Давид и вера" показали в Абхазии
По мотивам Sputnik: фильм Давид и вера показали в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акиносахьа "Давиди агәрагареи" автор Алексеи Малечкин Sputnik Аԥсны аҟны дзыԥхьаз астатиа игәанарԥхеит арҿиара. Астатиа изкын аԥсуа ҷкәын Давид Џьениа.

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Афильм "Давиди агәрагареи" (арежиссиор Алексеи Малечкин) дырбан иахьа Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны.

Арежиссиор ишиҳәо ала афильм анасыԥи абзиабареи ирызкуп. Акиносахьа "Давиди агәрагареи" изкуп ачымазара бааԥс иаиааины аныхачаԥақәа рҭыхра иалагаз аԥсуа ҷкәын Давид Џьениа.

Давид Џьниа - Sputnik Аҧсны
"Анаҩстәи аныхачаԥа аныхабаа ҳамҭас иасҭоит": аныхачаԥа зыҩуа Давид Џьниа иҭоурых

Акиносахьа "Давиди агәрагареи" автор Алексеи Малечкин Sputnik Аԥсны аҟны дзыԥхьаз астатиа игәанарԥхеит афильм аҭыхра.

"Сара акрааҵуеит ари аус снапы алакуижьҭеи. Џьара акы санаԥхьо аидеиа сгәаԥхар сазхәыцуеит. Убас Sputnik аҟны Давид Џьениа иӡбахә санаԥхьа исгәаԥхеит", - иҳәоит арежиссиор.

Алексеи Малечкин аҭаацәа рахь дналгеит ажурналист Манана Кокосқьырԥҳа.

"Ҳҩыза, ҳколлега Манана Кокосқьырԥҳа аҭаацәа драцәажәеит аҭыхрақәа рымҩаԥгара иақәшаҳаҭхарц. Даара иԥханы ҳрыдыркылеит", - иҳәеит Малечкин.

Аҭыхрақәа цон мызк аҩныҵҟа. Абри аамҭақәа рзы аҭыхратә гәыԥ аҭаацәа рҟны инхон, рыԥсҭазаара иалаԥшуан.

Афильм "Давиди агәрагареи" аҭыхрақәа хыркәшахеит ҵыԥх. Ари Алексеи Малечкин Аԥсны иазку ахԥатәи иҭыхымҭоуп ("Красную книгу детства", "Абхазия. Код возрождения").

Ажәабжьқәа зегьы
0