Аԥсуа-аҭырқәа, аҭырқәа-аԥсуа жәар ҭрыжьит Ҭырқәтәыла

© © РИА Новости / Алена ПалажченкоВид Анкары. Архивное фото
Вид Анкары. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-аҭырқәа, аҭырқәа-аԥсуа жәар Ҭырқәтәыла аҭыжьра азыԥхьагәаҭоуп Жәларбжьаратәи абызшәа амш аҽны, жәабран 21 рзы.

АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik. Ҭырқәтәыла инхо  Ирфан Ахәаҷба Анкара иҭижьит 30 нызқь ажәа еидызкыло аԥсуа-аҭырқәа, аҭырқәа-аԥсуа жәар.

© Foto / Hendek KafkasАԥсуа-аҭырқәа, аҭырқәа-аԥсуа жәар ҭрыжьит Ҭырқәтәыла
Аԥсуа-аҭырқәа, аҭырқәа-аԥсуа жәар ҭрыжьит Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа-аҭырқәа, аҭырқәа-аԥсуа жәар ҭрыжьит Ҭырқәтәыла

"2005 шықәса рзы тәанчара сцеит. Иара убри ашықәс азы Анкара, акультуратә центр аҿы аԥсуаа аԥсуа бызшәа ҳарҵара иалагеит. Аԥснынтәи дааит арҵаҩы Лиудмила Хибба, уи аҩреи аԥхьареи ҳлырҵон", - еиҭеиҳәоит иара.

Ирфан Ахәаҷба ихатәы бызшәала аҩреи аԥхьареи аниҵа ашьҭахь изымдыруаз ажәақәа иԥыло далагеит.

"Аԥсныҟа снеицыԥхьаӡа ашәҟәқәа аахәаны иаазго салагеит. Исзымдыруаз ажәақәа еидыскылон. Абасала, хәыҷ-хәыҷы ажәар аус адулара салагеит", - иҳәеит Ахәаҷба.
Ахучба иӡбеит ажәар аҭыжьра.

"Сара еилыскаауан сара сыдагьы ауадаҩрақәа змаз шыҟаз. Ажәар ззыхәарҭахаша ҟалап ҳәа иӡбаны салагеит", - иҳәоит автор.

Ажәар  650 даҟьа иҟоуп,  30 000 ажәа еиднакылоит, атираж 500 екземплиар инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0