Астанциа маҷ "Аҟәа 220" аҟны атрансформатор аусура иаҟәыҵит

© Sputnik / Sergey Malgavko / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАстанциа маҷ "Аҟәа 220" аҟны атрансформатор аусура иаҟәыҵит
Астанциа маҷ Аҟәа 220 аҟны атрансформатор аусура иаҟәыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа аҭыԥ аҿы аремонттә усурақәа ирҿуп. Урҭ анхыркәшахо ҳәа макьаназы дырра ыҟам.

АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Астанциа маҷ "Аҟәа 220" аҟны атрансформатор авариа иахҟьаны аусура ааннакылеит. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿы.

"Астанциа маҷ "Сухум 220" аҟны атрансформатор АТ-2 аусура ааннакылеит. "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа аҭыԥ аҿы аремонттә усурақәа ирҿуп", - аҳәоит анаплакы адырраҭараҿы.

"Аҟәа 220" Гәылрыԥшь араион ауааԥсыра фымцалашарала еиқәнаршәоит.

"Амшынеиқәафымцамч" уаанӡа адырра ҟанаҵахьан жәабран 11 рзы, асааҭ 13:00 - 15:00 Аҟәа мраҭашәаратәи ахәҭеи Гәдоуҭа араион мрагыларатәи ахәҭеи фымцалашарада инхоит ҳәа. Звольт ҳараку ацәаҳәа Гәымсҭа 110кВ аусура аанкылахоит ацәаҳәа арыцқьара инамаданы.

Ажәабжьқәа зегьы
0