РУСДРАМ Сарансктәи афестиваль аанартуеит Островски ипиесала

© Sputnik / Томас ТхайцукРУСДРАМ Сарансктәи афестиваль аанартуеит Островски ипиесала
РУСДРАМ Сарансктәи афестиваль аанартуеит Островски ипиесала - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мордовиа аҳҭнықалақь Саранск хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 3-нӡа имҩаԥысуеит ХV Жәларбжьаратәи аурыс драматә театрқәа рфестиваль "Аџьынџьуаа".

АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Мордовиа аҳҭнықалақь Саранск хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 3-нӡа имҩаԥысуа аурыс драматә театрқәа ХV Жәларбжьаратәи рфестиваль "Аџьынџьуаа" аанартуеит аспектакль "На всякого мудреца довольно простоты" ала ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

РУСДРАМ уажә ҩынтәуп Сарансктәи афестиваль иалахәуижьҭеи. 2019 шықәса рзы Саранск хәажәкыра 29 инаркны мшаԥы 4-нӡа имҩаԥысуаз аурыс драматә театрқәа ХIV Жәларбжьаратәи рфестиваль аартын Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ" ала. Аспектакльгьы афестиваль аҿы иреиӷьу ақәыргыламҭа ҳәа иалкаан.

"Агәахәара ду ҳанаҭоит сынтәагьы афестиваль ҳара иахьаҳхартуа. Аспектакль аклассика ҳаамҭа иақәшәо иқәыргылоуп, адекорациақәа ссируп, актиорцәа рыхәмаррагьы убас", - иҳәоит адиректор.

Аспектакль арежиссиор, ақәыргылаҩ - ГИТИС аушьҭымҭа Алексеи Размахов.

14 шықәса ҵуеит Мордовиа аҳәаанырцә иҟоу урысшәала ицәажәо атеатрқәа еибабарц абас еиԥш афестиваль еиҿыркаауеижьҭеи. Даара аҵакы змоу усмҩаԥгатәуп. Иара иалахәхахьеит Ермантәыла, Белоруссиа, Латвиа, Ҟазахстан, убасгьы Венгриа, Германиа рҟынтәи атеатрқәа.

Мордовиа аҳҭнықалақь Саранск хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 3-нӡа имҩаԥысуеит аурыс драматә театрқәа ХV Жәларбжьаратәи рфестиваль "Аџьынџьуаа".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0